Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АБАНК АҾЫ АРҬҞӘАЦГА ШЫҴОУ АЗЫ ИМЦЫРКУ АДЫРРА ҬЕЛЛА ИҞАИҴЕИТ БЕСИК КӘАРАЦХЬЕЛИА.

Аԥшьаша, 14 Жьҭаара 2021 12:53 162

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҭҵаара аҟәша ахь атерроризм акт азы гәҭакыла иҟаҵаз имцырку адырра азы аматериалқәа неит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса, 13 сааҭи 00 минуҭи инарзынаԥшуа, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аԥыԥшырҭа аҟәша ахь Аҟәа ақалақь Пушкин имҩаду ала аҩнеихагыла № 21 аҿы иҟоу Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк» арҭҟәацга аҵоушәа ҭелла адырра ҟалеит. Зхаҭара шьақәыргыламыз аӡәы абанк амина аҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. Ахыбреи уи ааигәа-сигәеи имҩаԥгаз агәаҭарақәа рыла арҭҟәацга  шыҟамыз еилкаахеит. Иара убас Г. Арӡынба имҩаду ала игылоу аҩны №49, Аиааира Апроспект ала игылоу аҩны № 40 аҿы иҟоу «Гарант-Банк» егьырҭ иназыцҵоу аофисқәагьы рҿы агәаҭарақәа мҩаԥган.

Гәҭакыла имцырку адырра алазырҵәаз ахаҿы ишьақәыргылареи иԥшаареи ирызкны оператив-техникатәии аоператив-ԥшааратәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭдара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа, иара убас Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша русзуҩцәа  дааныркылеит 1981 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа. Кәрацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа хаҭалатәи игәаҭареи иавтомашьнаҿы аимдареи раан азинхьчратә усбарҭақәа русзуҩцәа амобилтә ҭелқәа ҩба рыԥшааит. Азҵаара амҩаԥгараан Бесик Кәарацхьелиа абанк амина аҵоуп ҳәа ҭелла иҟаиҵаз адырра ахыхәмарра акәын ҵакыс иамаз ҳәа иҳәеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Бесик Кәарацхьелиа иҟаиҵаз атәы иаартны иҳәеит. Убри аан уи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа ишаҳәо акәымкәа, хаҭалатәи аинтерес инақәыршәны абанктә усура аиԥҟьара мацара акәын хықәкыс имаз ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Кәарацхьелиа Беик Вальтер-иԥа иганахьала Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҭҵаара аҟәша ала аусеилыргаанӡатәи агәаҭара мҩаԥысуеит.

Уажәы Кәарацхьелиа Бесик Вальтер-иԥа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:13