Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСАПИОРЦӘА АКОММЕРЦИАТӘ БАНК «ГАРАНТ-БАНК» АҾЫ АРҬҞӘАЦГА РЫМԤШААӠЕИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 14:46 178

АСАПИОРЦӘА АКОММЕРЦИАТӘ БАНК «ГАРАНТ-БАНК» АҾЫ АРҬҞӘАЦГА РЫМԤШААӠЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Асапиорцәа ҷыдала иазыҟаҵоу алақәа рыцны Акоммерциатә Банк «Гарант- Банк» аофис хада ахыбра агәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭараан арҭҟәацга ҳәа акагьы рымԥшааӡеит.  

«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акинологцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асапиорцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәеи алархәны  «Гарант-Банк» аҟәшақәа зегьы ргәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭараан арҭҟәацга ҳәа акагьы рымԥшааӡеит.   

 

Аинформациа мцыркхеит. Имҩԥысуеит «Гарант-Банк» Аҟәа, Очамчыра, Гагра ақалақьқәа рҿы иҟоу аҟәшақәа рҿы агәаҭарақәа. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аԥыԥшырҭа аҟәша ахь иҟалаз адырра ала аусура мҩаԥысуеит. Аҭагылазаашьақәа зегьы реилкаара алыршахоит. Уи алҵшәақәа рзы адырра хымԥада иҟаҵахоит», - ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.

Иахьа, жьҭаарамза 13 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь зхаҭара шьақәыргыламыз аӡәы Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк» ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:34