Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

СЕРГЕИ ШОИГУИ АСЛАН БЖАЬНИЕИ АТӘЫЛАХЬЧАРА АУСХКЫ АҾЫ УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ РУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 19:44 189

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Сергеи Шоигуи реиҿцәажәара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәарақәа раан имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иареи реиҿцәажәара.

Аиԥылараан ирылацәажәеит атәылахьчареи ашәарҭадареи инарымаданы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иазку азҵаарақәа жәпакы. 

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит, Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳтәылақәа рырбџьар мчқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа зыда ԥсыхәа ыҟам адокументқәа рыла еиқәыршәоуп. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьар мчқәа еибыҭаны, ихианы рыҟазаара. Аринахысгьы иаҭаху ахылаԥшра аҳҭалоит 7-тәи арратә база анапы иану аусқәа рынагӡара уи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи аиқәырхара зылшо акәны излаҟоу ала. Сара агәра ганы сыҟоуп арратә усхк аганахьала ҳтәылақәа русеицура азҵаарақәа иадымхалакәа, лыҵшәа аманы ишыӡбахало»,- ҳәа иҳәеит Сергеи Шоигу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Атәылахьчара аминистр аиԥыларазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

«Сергеи Кужугеҭ-иԥа, Шәара шәыхьӡ Аԥсны инарҭбааны ирылаҵәахьеит, иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы адгылара ҳашәҭеит. Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп уи азы. Иара убас иазгәасҭарц сҭахуп  шәара ишәыбзоураны апандемиаан ҳреспубликаҟны ҩынтәны арратә хәышәтәырҭа шеиҿкааз. Шәара шәыцхыраарада ԥсыхәа ҳамамызт. Иҭабуп!», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәыла атәылахьчара аусбарҭа Ахадеи Аԥсны Арбџьар мчқәа рырҿыцра ахарџьыԥса азоужьра азҵаарақәа ирылацәажәеит.   

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:30