Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДА АСОЦИАЛТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АУСБАРҬА АԤЫХРАЗЫ АДҴА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 13:38 187

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Аҟәа асоциалтә еиқәыршәара Русбарҭа аԥыхра азы Адҵа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аофициалтә саит.

Адҵа инақәыршәаны, асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭа аԥыхзароуп ԥхынҷкәынмза 31, 2021 шықәанӡа. Убри азы иаԥҵахоит аԥыхратә Комиссиа. Уи аилазаараҿы иҟалоит жәаҩык ақалақь Ахадара аусзуҩцәа.

Акомиссиа иаԥхықәроуп:

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны Аусбарҭа аԥыхразы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара алыршара;  

Аусбарҭа аԥыхра мҩаԥысуанаҵы уи аусура анапхгараҭареи адгылареи реиҿкаара;

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны, иарбоу Адҵа иазԥхьагәанаҭо аиҿкаара-штаттә усмҩаԥгатәқәа рымҩдаԥгара алҵшәақәа рыла зхы иақәиҭтәхо аусзуҩцәа уи азы адырра рыҭара;

Зхы иақәиҭтәу аусзуҩцәеи аусбарҭеи  ирыбжьоу аџьатә еиқәшаҳаҭрақәа раԥыхреи руалафахәу рызшәареи ишахәҭоу ала анагӡареи ашәҟәҭагалареи реиҿкаара;

Аусбарҭа афинансқәеи амазареи рхархәара азы ажәалагалақәа рыдгалара аиҿкаара.

Адҵа азинмчы аиуеит уи анапаҵыҩра инаркны – жьҭаарамза 11, 2021 шықәса.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:38