Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАГРА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА РГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 13:36 175

ГАГРА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА РГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Апрокуратура Анри Атеиба аамҭалатәи аԥхьакырҭа аҿы аҽшьразы иҽазышәара аганахьала аамҭалатәи аԥхьакырҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡои Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аԥшыхәратә хәҭа анапхгаҩи рганахьала аусеилыргара хацыркуп.

Апрокуратура Хада аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусеилыргара хацыркуп Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 295,  ахәҭа 3 (агәәанымзаарала ауаҩы игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭареи, мамзаргьы ауаҩы иԥсра зыхҟьаз аҭакԥхықәрадара) ала ацәгьоура аҟазшьақәа рыла аусеилыргара хацыркуп. Урҭ рхара шьақәзырӷәӷәо ҟалар, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа хышықәса инаркны хәышықәсанӡа аҭакра, иара убас шықәсык инаркны бжьышықәсанӡа иалкаау аусурала амаҵураҭыԥқәа раанкыларазы ақәиҭымзаара рықәшәар ҟалоит.

Нанҳәамза 7, 2021 шықәса рзы Анри Аҭеиба Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аиҳабы иганахьала агәабзиареи аԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло амч ахархәара аҿы дыгәҩароуп ҳәа Гагра араион апрокуратура ала даанкылан.

Аусеилыргаанӡатәи аусеилыргара аан нанҳәамза 9  рзы аӡбара-медицинатә

експерт ила Аҭеиба Анри иҭҵаара мҩаԥигеит. Агәабзиара иаԥырхагоу ахәахәарақәа аарԥшӡамызт.

Нанҳәамза 10 рзы Гагратәи араионтә ӡбарҭа Анри Аҭеиба иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҭакра алнахит.

Нанҳәамза 12, асааҭ  01:30 минуҭи рзы Гагра араион апрокуратура ахь Анри Аҭеиба дахьҭакыз аҭыԥ аҿы дыкнаҳаны дшырбаз азы адырра ҟалеит.  Анри Аҭеиба ихы изымдыруа Гагратәи ахәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша ахь днаган, анаҩс уи ихьанҭоу икоматозтә ҭагылазаашьа инамаданы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днаган.  Анаҩстәи ихәышәтәразы Анри Аҭеиба иҭаацәа ареанимобиль ала ҳтәыла иаԥну аҳәынҭқарра ахь дыргеит.

Цәыббрамза 14 рзы Анри Аҭеиба ахәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:41