Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АРРАТӘ ПРОКУРАТУРА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҲАСАБЕИЛЫРГАҨЫ-АԤАРАҴӘАХҨЫ ЛГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 10:47 157

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Арратә прокуратура аҳәынҭқарратә маӡа шьақәзыргыло адыррақәа рыларҵәара азы  Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра аҳасабеилыргаҩы-аԥарахьчаҩы лганахьала аусеилыргара хацнаркит.

Аусеилыргара мҩаԥызго аусбарҭа аверсиа ала, атәылахьчара Аминистрра аҳасабеилыргаҩы-аԥараҵәахҩы, гәҭакыла, «Аҳәынҭқарратә маӡа азы» азакәани, егьырҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи ахылаԥшраҩныҵҟатәи адҵақәеи аинструкциақәеи реилагарала, имаӡоу, имаӡаӡоу адыррақәа злоу  аинформациа аиқәаршәареи аус адулареи ахьчареи рзы атәылахьчара Аминистрра имаӡоу адыррақәа рыҟәша аҿы ашәҟәы иҭагаламыз флеш–карта ҳәа изышьҭоу аелектронтә дыррақәа рныҟәгага лхы иалырхәон, уи лара анаҩс имаӡоуи имаӡаӡоуи адыррақәа  зныз атәылахьчара Аминистрра аметериал-техникатә усбарҭа амедицинатә пункт анапхгаҩы илҭеит.  

Амедицинатә пункт имаӡоу адыррақәа рҟынӡа анаӡара азы алшара амаӡам, урҭ рыхьчаразгьы аҭакқхықәра адӡам.

Амедицинатә пункт анапхгаҩы ԥымкрада афлеш-карта ианыз имаӡоу аинформациа аҟынӡа анаӡара азы алшара лыҭо, аҳасабеилыргаҩы-аԥараҵәахҩы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара аеффективра иаԥырхагоу аҭагылазаашьа аԥылҵеит, избан акәзар, амедицинатә пункт аиҳабы иарбоу афлеш-карта ҩымчыбжь инарзынаԥшуа лхатәы интересқәа рзы ахархәара алҭон, убри аан уи ахԥатәи ахаҿқәа рыҭарагьы аҭыԥ аман.

Уажәы Арратә прокуратура аусеилыргаҩцәа аус ала ашьақәырӷәӷәагақәа рыԥшаареи раиуреи ирызкны ихымԥадатәиу апроцессуалтә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:44