Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЬ ЗХАҬАРА ШЬАҚӘЫРГЫЛАМ АӠӘЫ «ГАРАНТ-БАНК» АХЫБРА АРҬҞӘЦГА ШАҴОУ АЗЫ АДЫРРА ҞАИҴЕИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 13:55 165

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, жьҭаарамза 13,  13 сааҭи 00 минуҭи рзы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь зхаҭара шьақәыргылам аӡәы аҭел дасит.  Аҭел иасуаз Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк» ахыбра амина аҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. 

Ари ахыбра аҿы абанк адагьы ауаа зыҩноу ауадақәа хԥа ыҟоуп. Аҭыԥ ахь инеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа.  Ахыбра аҟынтәи аевакуациа рызуп ауаа зегьы. Ахыбра акәша-мыкәша анеира залымшо иаркуп. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрцәа асапиорцәа аусура иалагоит.

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:36