Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХАС ҶОЛОКУА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДРАМАТӘ ТЕАТР АДИРЕКТОР ХАДАС ДҞАҴОУП.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 16:59 192

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Алхас Ҷолокуа С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор Хадас дҟаҵоуп.

Акультура аминистр Гәыдиса Агрба иахьа атеатр аколлектив дрыдигалеит анапхгаҩы ҿыц.

«Алхас Дмитри-иԥа атеатр иамоу атрадициақәа рықәныҟәарала уи аҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц ааиртуеит. Иара ихала ари аусура анагӡра илшарым, аколлектив адгылара ирымҭакәа», -ҳәа иҳәеит аминистр.

Гәыдиса Агрба анапхгаҩы ҿыц  дидныҳәалеит, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит, акультура аминистрра аганахьала адгылара шиоуа азы агәра ииргеит.

Ахәҭакахьала, Алхас Ҷолокуа аминистр ирҭаз агәрагара азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

 «Агәра ганы сыҟоуп, аусура шымариамхо, аха даара аинтерес шаҵало, аҭакԥхықәрагьы шацзаауа. Сара саԥхьа иҟаз анапхгаҩцәа рышьҭахь атеатр ала анапхгара мариахарым. Сара гәыкала аколлектив адгылара сырҭап ҳәа сақәгәыӷуеит. Ақәҿиарақәак роура сылшар, даара гәахәарыла исыдыскылоит», - ҳәа иҳәеит Алхас Ҷолокуа.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:52