Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА МОСКВА АҲАИРТӘ ТРАНСПОРТ АФЕДЕРАЛТӘ УСБАРҬА АНАПХГАҨЫ АЛЕҚСАНДР НЕРАДЬКО ДИԤЫЛЕИТ.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 18:14 171

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа Москва аҳаиртә транспорт Афедералтә усбарҭа анапхгаҩы Алеқсандр Нерадько диԥылеит.

Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи авиациа анапхгаҩи Аԥсны аҳаиртә еимадара аиҭарҿыхара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылараҟны аганқәа ишьақәдыргылеит апроект анагӡаразы анорматив-зинтә еиҿкаара,  апроект-харџьынҵатә документациа аус адулара,  аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рбазатә лкаа  азԥхьагәазҭо асхемеи аԥҟареи.

Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Нерадькои реиԥылараҟны еиҭашьақәдырӷәӷәеит атәылауаҩратә авиациа ахырхарҭала аусеицзура арӷәӷәареи  арҿиареи рзы азҿлымҳара шарҭо, иара убас иазгәарҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара  авиаеимадара аиҭашьақәыргыларазы аԥхьаҟатәи  ашьаҿақәа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анпхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина  Озган, иара убас Урыстәылатәи авиациа аилазааратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа, аинвестор ихаҭарнак.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:51