Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ГАЗЛА АИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АСХЕМА ХАДЕИ АМҨАТӘ ХСААЛЕИ РАЗЫРХИАРА ИАЗКУ АИҚӘШАҲАҬРАЗЫ АТЕХНИКАТӘ ДҴА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 15:48 156

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Москва аусуратә визитла иҟазара аҳәаақәа ирҭагӡаны Иаарту акционертә уаажәларра «Газпроми» АУ «Газпром промгази» анапхгара дырԥылеит.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәаразы Асхема хадеи амҩатә хсаалеи разырхиара иазку аиқәшаҳаҭразы атехникатә дҵа азҵаарақәа.

Иаарту акционертә уаажәларра «Газпроми» АУ «Газпром промгази» анапхгара Ахада Асхема хада азырхиара шымҩаԥысуазы адырра ирҭеит. 

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озгани.

Урыстәылатәи аган аҟнытә АУ «Газпром промгаз» хаҭарнакра азыруан Николаи Сторонски, АУ «Газпром промгаз» адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Николаи Варламов, апроектқәа рынџьныр хада Иури Камиссаров.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:21