Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА РХЫМҨАԤГАШЬА АҾЫ АЦӘГЬОУРА АҞАЗШЬАҚӘА АМАЗААРА ШЬАҚӘНАРГЫЛОИТ.

Аҩаша, 12 Жьҭаара 2021 18:20 176

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахь апрокурор Хада иҟынтәи цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь иҟалаз ахҭыс аан Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рхымҩаԥгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьақәа амазаара рышьақәыргылара азы аусдгалара нашьҭын.  

Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, апрокурор Хада иҟынтәи иааз адырранҵа инақәыршәаны,  Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рхымҩаԥгашьа аҿы аҿы Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас ахәҭаҷ  321, ахәҭа 1 (Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра (ишакум изныҟәара) инарықәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.

Аусеилыргара-процессуалтә закәанԥҵара инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аусдгалара апрокурори, иара убас зганахьала аусдгалара нашьҭу ахаҿқәеи уи рыхьчаҩцәеи иарку аӡбаратә еилатәара аҿы  10 мыш ирхымгакәа иахәаԥшуеит.  

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:49