Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОКУРОР ХАДА АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА АЛАРХӘНЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АЗЫ: « АГӘАҬАРА ОБИЕКТИВЛА ИНАГӠАНЫ ИМҨАԤГОУП».

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 13:44 127

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьаҽны, жьҭаарамза 11 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиим Апарламент аилатәара. Уи ихы алаирхәит атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба. Апрокурор Хада цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент аусеилыргаанӡатәи агәаҭара аихшьаалақәа рзы адырра ҟаиҵеит.

«Иахьа, Апрокуратура Хада цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы аҭыԥ змаз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рыла амч ахархәареи, иара убас амбжьахра, изакәанымкәа абџьар аҵәахреи аныҟәгареи амчратә структура ахаҭарнакцәа ишакум ала рызныҟәареи ирыдҳәалоу афакт ала аусеилыргаанӡатәи агәаҭара хнаркәшеит. Сара сгәаанагарала, агәаҭаратә усмҩаԥгатә аобиекивла инагӡаны имҩаԥгоуп», - ҳәа иҳәеит апрокурор Хада.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, ирласу анырра азы иҷыдоу агәыԥ акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьбеи  уи ихаҭыԥуаҩ Дадын Чачхалиеи рганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 288 ахәҭа 3, апункт «А» инақәыршәаны (амч ахархәарала, ма уи ахархәаразы ашәарҭара аманы амаҵуратә зинмчы ахысра) аусеилыргара хацыркуп.   Ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит 5 шықәса инаркны 10 шықәсанӡа аҭакра", - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иганахьала апрокуратура Хада  аусеилыргаратә усбарҭа абас еиԥш алкаа ҟанаҵоит: Гарри Кокаиа ихымҩгашьа аҿы Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 («Амбжьахра», иара убас ахәҭаҷ  321 («Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра (ишакум изныҟәара) инақәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит»- , ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Егьи Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба иакәзар, уи азинхьчаратә усбарҭақәа ирымоу ашақәырӷәӷәагақәа зегьы рыла ишышьақәдыргылаз ала,    жьҭаарамза 1, 00 сааҭи 10 минуҭи рзы, хыхь иарбоу аинцидент аныҟала ашьҭахь, имаҵуратә машьына ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра ааигәара днеины  зыхҭаларшә 5,45 мм. рҟынӡа инаӡо автомат ала  20-нтә дхысит. Аҭыԥ аҿы иԥшаауп, ишьҭыхуп зыхҭаларшә 5,45 мм. рҟынӡа инаӡо автомат апатронқәа, ашаҳаҭцәа ирыҿцәажәеит.    Адепутат Алмасхан Арӡынба ихаҭа изныкымкәа ақалақь апрокуратура ахь ааԥхьара иоухьан, аха уи уахь анеира мап ацәикуеит. «Агәаҭара инақәыршәаны ишьақәыргылахеит Алмасхан Арӡынба иарбоу зыхҭаларшә 5,45 мм. рҟынӡа инаӡо ҳамҭас иоуз автомат шаку.  Аха, уи иахьа адепутаттә кьымсразы азин ахьимоу инамаданы, инхарҭа аҿы аимдара амҩаԥгара залыршахом», - ҳәа иҳәеит прокурор Хада Адгәыр Агрба.

Апрокуратура Хада уажәазы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ихымҩаԥгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьа алнакааӡом.  Избан акәзар аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аинцидент ахьыҟаз аҭыԥ аҿы дыҟан, уи аԥхьырҟәҟәаара илымшаӡеит, апрокуратура Хада аминистр иганахьала алеишәатә хьырхәра ахархәареи  уи иааникыло амаҵураҭыԥ аҿы иааныжьра ахықәкыхәарҭареи рзы аӡбамҭа адкыларазы Аҳәынҭқарра Ахада иахь Азԥхьанҵа анашьҭреи хымԥадатәны иаԥхьаӡоит.  Адгәыр Агрба  аусеилыргаанӡатәи агәаҭара аан аинцидент иалахәыз зегьы – амилициа аусзуҩцәа, иара аминистр ихаҭагьы, аибашьра аветеранцәа, егьырҭ ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхын ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Зегьы еилыркаарц сҭахуп, аминистр иганахьала аветеранцәа роума, иара адепутат Гарри Кокаиа иоума Дмитри Дбар ҳлаирҟәит, мамзаргьы амч ихы иаирхәит ҳәа  аӡәгьы имҳәаӡеит.   Акызаҵәык – аминистр иҟынтәи атапанча аҭара азы изакәану адҵаҟаҵара аҭыԥ аман, уи Гарри Кокаиа анагӡара мап ацәикит. Уи аимак-аиҿак ахылҿиааит, анаҩс аисра аҟынӡа икылеибагеит», - ҳәа иҳәеит апрокурор Хада.  Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны,  апрокуратура Хада иахьа  адепутатцәа рхымҩаԥгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьа алазаара азы алкаа аиура инамаданы Аӡбарҭа Хада ахь аҳәамҭа анашьҭра азԥхьагәаҭаны иамоуп. «Уи аамышьҭахь ҳара аусеилыргара ахацыркра азы ақәшаҳаҭра аиура инамаданы Жәлар Реизара-Апарламент ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:13