Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА МОСКВА ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРАҚӘА РААН МАРАҬ ХУСНУЛЛИН ДИԤЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 15:15 142

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра реилазаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мараҭ Хуснуллин диԥылеит. Аслан Бжьаниеи Мараҭ Хуснуллини Москва аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәа, ҷыдала, 2022-2025 шш. Аԥсны  Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара азҵаарақәа. Аиԥылара иалахәын Аԥсны  Ахада  Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Валери Папбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр  Кристина Озгани.

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:09