Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ ИРЛАСУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРАЗЫ АМАШЬЫНА ҾЫЦҚӘА ҨБА АИУИТ.

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 15:34 158

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра Аҟәа ақалақь ҳамҭас ианаҭеит ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа ҩба.

Автомашьынақәа агәабзиарахьчара Аминистрра иаанахәеит Ареспублика Адыгеиа ԥыхьатәи Ахада, амеценат  Хазреҭ Совмен ҳамҭас ареспублика еиҭаз аԥаратә хархәагақәа рыла.

«Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҵәара аҿагылара ахшыҩзышьҭра ду аиҭоит, арҭ амашьынақәа раахәара иара хаҭала иаԥшьгарала иҟалеит», - ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Амашьынақәа ҩба «Соболь» аҳҭнықалақь ирласу амедицинатә цхыраара астанциа иаҭоуп. Амашьынақәа руак  араионқәа рҿы аус аулоит, егьи ақалақь аҩныҵҟа.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәбеи ирласу амедицинатә цхыраара Ареспубликатә Станциа аҳақьым Хада Аслан Џьопуеи Аслан Бжьаниеи Хазареҭ Совмени Едуард Быҭәбеи ақалақь иарҭаз ацхырааразы иҭабуп рҳәеит.

Урҭ амашьына ҿыцқәа ҳақалақь ауааԥсыра рзы акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа инамаданы ишьақәгылаз иуадаҩу аамҭазы акыр хра злоу цхырааны ирзыҟалоит ҳәа иазгәарҭеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:07