Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АҾАГЫЛАРАТӘ МИТИНГ ХЫРКӘШАХЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 15:13 182

Аҟәа. Жьҭарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рышныҳәа аҽны Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы Апарламент адепутати аибашьра аветеранцәеи азинхьчаратә структара ахаҭарнакцәеи рыбжьара иҟалаз аинцидент аҿагыларатә митинг мҩаԥысит.   Ауаа иҟалаз азы ргәаангарақәа рҳәон, инҭырҳәцааны аусеилыргара азы адҵа ыҟәдыргылон.  Амитинг ахь иааз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри иҟалаз аинцидент иалахәыз уи ихаҭыԥуҩцәеи рмаҵцраҭыԥ аҟынтәи рамхра азы адҵа ықәзыргылозгьы.

Амитинг аҿы дықәгылеит аоппозициатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны жәлар Реиҿкаара» аԥыза Адгәыр Арӡынба.  Уи цәыббрамза 30 рзы иҟалаз ахҭыс даара иахәҭамкәа иҟалаз, ахахьы аагара цәгьоу хҭысны ишыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Ҳара ҳабацәа - аибашьра аветеранцәа гәымбылџьбарала ирызныҟәеит, раҳаҭыр ладырҟәит, ипҟаны икажьны ицеит. Ҳара арахь ҳааит ирыдыркыло аӡбамҭа атәы аилкаразы. Ари аполитикатә митинг акәӡам. Сара араҟа избоит еиԥшым аполитикатә гәаанагарақәа змоу ауаа», -ҳәа иҳәеит иара. Адгәыр Арӡынба амитинг аҿы еизаз аветеранцәа рахь ииашоу аӡбамҭа рыдыркыларц азы аҳәара ҟаиҵеит.

«Шәара аветеранцәа шәоуп иахьа аӡбамҭа здызкылаша, Шәара ишәҳәо, ишышәҳәо еиш ауп ҳара ҳашныҟәо иахьа», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Аветеранцәа рыхьӡала дықәгылеит Ахра Бжьаниа. Уи апрокуратура аӡбамҭа аднакылаанӡа иаазыԥшны доусы рыҩныҟақәа рахь еимпырц аҳәара ҟаиҵеит.

«Ари аполитикатә митинг акәӡам, ҳара аполитикатә дҵақәа ықәҳаргылаӡом иахьа.  Ҳара иаҳҭаху акызаҵәык ауп –  Аԥсны атәылауаа закәанла рызныҟәара, уажәазы ҳветеранцәа рганахьала. Ҳҳәынҭқарра аидеологиа арҭ ауаа ҳаҭыр рықәҵара ала ишьаҭаркызароуп. Ари ихадоу афундамент ҳархыџхыџуа ҳалагар, усҟан аҳәынҭқарра аргыларагьы ҳалшарым. Шәара иаашәырԥшыз аус аҽадцалареи ахьаҳәхьачарадеи ирыбзоураны иахьа аусеилыргара ахацыркреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала иусура аҟынтәи ихы иақәиҭтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Шәара ишәылшәыршаз уажәтәи аамҭазы уи акырӡа аанагоит. Сара аветеранк иаҳасабала, аҿар рахь ааԥхьара ҟасҵоит. Сара сгәаанагарала иахьа ииашоу апозициа аанызкылаз Апарламентгьы, иара ҳҳәынҭқарра анапхгареи иахәҭоу апроцедурақәа рымҩаԥгаразы алшара раҳҭап. Уи азы ираҳҭап аамҭа. Аҳәынҭқарра Ахада ишиҳәаз еиԥш мчыбжьык ҳааԥшып», - ҳәа иҳәеит Ахра Бжьаниа.

Асааҭ хԥа рзы дықәгылеит аветеран, Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнак Гиви Допуа. Уигьы зегьы еимпырц, атәыла анапхгара ирыдыркыло аӡбамҭа иаазыԥшырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Сызлашәыҳәо акызаҵәык ауп, ари ахҭыс аполитикахь ииашәымган. Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аделегациа Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟан. Ҳара ҳгәаанагареи иқәҳаргыло адҵақәеи ртәы ҳҳәеит», - ҳәа иҳәеит Гиви Допуа.

Уи иажәақәа рыла, атәыла анапхгара дара ажәа рырҭеит 5-7 рыла ари аус ишахәҭоу аилыргара шалыршахо азы.

«Сшәыҳәоит аҩызцәа, шәааи ҳааԥшып даҽа бжьымшы. Ииашоу аӡбамҭа рыдыркылар, абрахь ҳааны Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Уажәазы зегьы шәеимпырц азы аҳәара ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Ауаа аплошьад аҟынтәи хәыҷы-хәыҷла аимпра иалагеит.

 

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 15:25