Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА ЦӘЫББРАМЗА 30 РЗЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АИЛЫРГАРА ШЫМҨАԤЫСУА ХШЫҨЗЫШЬҬРАЛА ИАЦКЛАԤШЛОИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 14:25 187

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы Апарламент адепутати аибашьра аветеранцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭареи злахәыз аинцидент иахылҿиааз аҭагылазаашьа инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аанарԥшуеит.  

Ауаажәларратә Палата аҿы иҟоу агәаанагарала иарбоу аинцидент ахәаԥшраан иҟалаз ахҭыс азинтәи алеишәатәи аспектқәа алкаатәуп.

«Ҳара атәылауааи иааизакны аҳәынҭқарра азы ашәарҭара ду аҵаны иаабоит азакәани аҭышәынтәалареи рыхьчара иазку рхаҭа азинеилагарақәа ахьыҟарҵо. Ари иҷыдоу, иԥшьоу амш аҽны – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы аԥснытәи аҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи ҳмилаҭтә цәаҩатә ҟазшьақәеи акыр ааха ӷәӷәа роуит.

Амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рганахьала раҳаҭыр лазырҟәуа,  ицәырԥхашьагоу ахымҩаԥгашьа ухаҿы иузаамго акакәны иҟоуп.

Аҳәынҭқарра аҵыхәтәантәи 20 шықәса ирылагӡаны аҭыԥ змаз акризисқәеи аполитикатә гхақәеи ҳасаб азуны иҟалар зылшо ахҭысқәа ииашаны разԥхьагәаҭара иазкуп», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны Ауаажәларратә Палата жьҭаарамза 4 рзы ирыланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Ауаажәларратә Палата иахәҭоу аусбарҭақәа «аполитикатә кризис ацәцара хықәкыс иҟаҵаны, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ииашаны аҭҵаареи аилыргареи, ахара зду аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рҿы иааныркыло аҭыԥ иазхьамԥшыкәа иахәҭоу ахьырхәра рақәыршәареи иазку аӡбамҭа рыдыркыларц ааԥхьара ҟанаҵоит».

Ауаажәларратә Палата аинцидент иазкны ихацырку аусеилыргара аҵашьа ахшыҩзышьрала иацклаԥшуеит.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 14:33