Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА МУРАҬ КУМПИЛОВ АДЫГЬЕИА АРЕСПУБЛИКА АШЬАҚӘГЫЛАРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:58 211

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мураҭ Кумпилов Адыгьеиа Ареспублика ашьақәгылара амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иҧа!

Аҧсны жәлар, иара убас хаҭала сара сыхьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы аедыгьа жәлар зегьы Ареспублика ашьақәыргылеижьҭеи 30 ш. аҵра амш.

Иахьа Аедыгатәыла иара иқәынхо ауааԥсыра ракзаареи рыхандеиреи ирыбзоураны, ареспублика аԥсҭазаара аганқәа зегьы рыла аҿиара иаҿу Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа ируакуп.

Агәра згоит шәыҧсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара, ашәышықәсақәа иргәылганы иаажәго шәҵасқәа, кавказтәи асасдкылара ҩаҧхьа ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аилибакаареи шьаҭас ишрымазаауа.

Ҳарҭ ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳтәыла ашәарҭара ианҭагылаз аҧсуа жәлар рыхьчаразы хатәгәаҧхарала еибашьра иааз ҳашьцәа адыгақәа рыҟнытә иҟаҵаз адгылара. Сгәы иаанагоит аамҭа иҧнашәаз ҳаизыҟазаашьақәа  ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала аҧхьаҟа иҵегьы рыҽдырӷәӷәоит ҳәа.

Абри аныҳәа амш аҽны Аедыгатәыла ауаажәларра зегьы ирзеиӷьасшьоит анасыԥ, аихьӡарақәа".

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 19:55