Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АРҴАҨЫ ИМШ АҼНЫ АУСԤҞАҚӘА ИНАПЫ РЫҴАИҨИТ

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:56 180

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟа аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Арҵаҩратә усураҟны, изызҳәауа абиԥарақәа аҵара дырҵараҟны, рааӡараҟны рылшамҭақәа рзы иранашьазааит аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы»:

БАРГАНЏЬИА Анжела Заканбеи-иԥҳа –  Бзыԥтәи абжьаратә школ № 1 ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;

ЛАБАХӘУА Ҭалико Мино-иԥҳа – Л.Б. Лабахәуа ихьӡ зху Рекатәи абжьаратә школ № 1 адиректор;

ЛАШӘРИА Валентина Фарбеи-иԥҳа – Гь. Чачба ихьӡ зху Мықәтәи абжьаратә школ № 1 ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;

ОВСЕПИАН Нелли Амбарцум-иԥҳа – О.Т. Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 9 аиҵбыратәи аклассқәа ԥасатәи рырҵаҩы;

ҬАРБА Изольда Фаик-иԥха – Гь. Чачба ихьӡ зху Мықәтәи абжьаратә школ № 1 арҵаратә хәҭазы адиректор ихаҭыԥуаҩ, аматематика арҵаҩы;

ҶОЛОКӘУА Алиса Гоџьа-иԥҳа – Ф.Х. Ешба ихьӡ зху Очамчыратәи абжьаратә школ № 2 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы».

Занҭариа Мимоза "Ахьӡ-Аҧша" III аҩаӡара ланашьаразы  Аусҧҟаҟны иҳәоуп:

«Аҵараиура асистемаҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу  аусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра еизҳауа абиҧарақәа рааӡареи аҵара дырҵареи рыҟны алагаламҭазы ЗАНҬАРИА Мимоза Платон-иҧҳа иланашьазааит "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара».