Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АРҴАҨЦӘА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ РЫМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:50 196

 

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Арҵаҩы адунеизегьтәи имш ныҳәа!

Шәара ишәыԥсҭазаарахаз шәзанааҭ, шәус-ԥшьа ауаатәҩса рыԥсҭазаараҟны ахаан аахыс ҳаҭыр ду ақәын, хьӡи-ԥшеи аман. Уи иацу аҭакԥхықәра ду, ачҳара, аџьабаа ҳҳәынҭқарра аргылараҟны, аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ачаԥараҟны ахә ашьара уадаҩуп.

Сара агәра згоит иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рылааӡо, ирышәҭо адыррақәа ирыбзоураны шәҵаҩцәа уаҵәы ҳаԥсадгьыл Аԥсназы ихьӡырҳәагоу абиԥараны ишгыло.

Абри амшныҳәазы хаҭа-хаҭала зегьы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәеизҳара, анасыԥ, ақәҿиарақәа шәнапы злаку аус аҟны!».

 

               

 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:53