Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘА АҾЫ ИГЫЛОУ АНАПХГАРАТӘ ХЫБРАҚӘА РКОМПЛЕКС ИААКӘШАНЫ ИГЫЛЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:33 191

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Апарламент адепутатцәа Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы цәыббрамза 30, ахәылбыҽха адепутат Гарри Кокаиа, аибашьра аветеранцәеи амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз аинцидент алацәажәара иазку аилатәара иацырҵоит. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» жьҭаарамза  3 рзы жьҭааразма 4 рзы Апарламент аҿаԥхьа амитинг амҩаԥгаразы аизара азы зегьы рахь ааԥхьара ҟанаҵеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс иакәшаны иҩагылеит.

Жьҭарамза 3 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аҳәынҭқарра Ахада иҟны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада аусҭҵаара цонаҵы имаҵураҟнытә аамҭала ихы дақәиҭитәырц диҳәеит. Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәалагала дадгылеит, иақәнагоу адокумент азырхиаразы адҵагьы ҟаиҵеит. Аамҭала аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара идҵан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба ахәылбыҽха, жьҭаарамза 3 рзы аминистр ихаҭыԥуаҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат Хада аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.   Уи атәыла аҩныҵҟа ашәарҭадареи ауаажәларратә ҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иазкын.

Руслан Ажьиба амаҵуратә напынҵақәа рыҭара мҩаԥигеит. дал ряд служебных поручений.   

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:37