Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АРЕСПУБЛИКА АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА-АРҴАҨЫ ИМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:05 183

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа-Арҵаҩы Имшныҳәа рыдиныҳәалеит: ***

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Шәара иаашәыртуеит адыррақәа, анаукақәа рдунеи, аҩреи аԥхьареи рыдагьы аԥсҭазаара аилкаара аҿы хәызмаӡам ацхыраара ҟашәҵоит.

Еиҵагыло аҿар рҿаԥхьа иуадаҩу  азҵарақәа ықәгылоуп, аҵарадырреи азанааҭтә лшарақәеи рыҩаӡара арҳаракразы аҭакԥхықәра иацлоит.  Убри аҟнытә ашкол арҵаҩы иҭакԥхықәрагьы иазҳауеит. Ахәыҷқәа ирылааӡатәуп ихадоу адыррақәа, ииашаны ахәыцшьа, аӡбамҭақәа рыдкылашьа, аҭакԥхықәра аарԥшышьа, уҳәа ахәыҷқәа рҟыбаҩ аарԥшреи анаҩстәи изанааҭ алхраҿы ацхыраара иҭареи хымԥадатәиуп.  

Ҳтәылаҿы имаҷӡам иӡбам азҵаарақәа, ҳҿаԥхьа игылоуп ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалоу ахықәкқәа - хра злоу аҿиара амҩа иану аҳәынҭқарра аргылара. Убри азы ауп аԥснытәи арҵаҩцәа ҷыдала аҭакԥхықәра зрыду.   

Иҭышәынтәалоу аҵаратә процесс акыр иаԥырхагахеит акоронавирустә ҿкы чымазара аепидемиа.  Убри инамаданы шәара ихадоу шәусура иацлеит аҵаҩцәа ргәабзиара ахылаԥшрагьы.

Агәра ҳгоит аԥснытәи арҵаҩцәа ирыду аҭакԥхықәра ишахәҭоу ала анагӡара шрылшо. Шәҟыбаҩ, шәзанааҭтә лшара, шәдыррақәа, шәычҳара, шәзанааҭ ламысцқьала азнеира агәра ҳгоит. Арҵаҩы иџьабаа ишахәҭоу ала аҳәынҭқарра аҟынтәи ахәшьара аиуртә аҟаҵарагьы ҳҽазаҳшәалоит.

Ари абиԥарақәа зегьы рзы акырӡа зҵазкуа амш аҽны дарбанызаалакгьы цәанырра ԥхала игәалаиршәоит раԥхьатәи ирҵаҩы, иабжьгаҩцәа, ирҵаҩцәа, урҭ ҳаԥсҭазаара зегьы иалагӡаны гәыблыла иаҳгәалаҳаршәоит.

Иҭабуп шәылшареи шәџьабаи рзы! Доусы шәҭаацәарақәа рҿы агәабзиареи аманшәалареи аизҳазыӷьареи аҳәоуеиқәшәареи ҟалааит».

Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр  А. З. Анқәаб.  

 

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:08