Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: ЦӘЫББРАМЗА 30 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ, АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘА АҾЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ ОБИЕКТИВЛА ЕИЛЫРГАТӘУП.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 18:24 184

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-ҭминитр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алха Кәыҵниа, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, амчратә труктурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Апарламент адепутатцәеи, аветеранцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз ахҭыс иазкын.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Москва урыстәылатәи аиҳабыреи иареи реиԥылара иазкыз иусуратә ныҟәара шеиԥиҟьаз. "Иубартә иҟоуп амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс угәы иамыхәо аформа шаанахәо.  Сусуратә ныҟәара ааныскылеит хаҭала иҟалаз аус обиективла еилсыргарц", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Убри аан иазгәеиҭеит, Аҧсны анҭыҵ ари ахҭыс ахәшьара бааҧс шаиуз, еицырдыруа урыстәылатәи аҭыжьымҭақәа рыҟны изныкымкәа ишахцәажәахьоу.

"Иахәҭоу аусқәа зегьы мҩаҧгатәуп аҵабырг ашьақәыргыларазы.  Ари азҵаара обиективла иазнеитәуп", - ҳәа иҳәеит атәыла Ахада.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аҳәынҭқарра Ахада аусҭҵаара цонаҵы имаҵураҟнытә аамҭала ихы дақәиҭитәырц диҳәеит. «Смаҵураҟны сыҟанаҵы аусҭҵаара саԥырхагахоит ҳәа ауаа ргәы иаанамгарц азы, аҳәара ҟасҵоит аусҭҵаара цонаҵы аамҭала схы сақәиҭышәтәырц. Сгәы иаанагоит, ари ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убас ҟарҵап ҳәа», – иҳәеит Дмитри Дбар.

Аминистр иажәақәа дрықәшаҳаҭхеит апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа. Уи иазгәеиҭеит ари аусҭҵаареи аҵабырг ашьақәыргылареи иацхраауеит ҳәа. Иара убас Дамир Кәыҵниа иҳәеит Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс афакт ала апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгара ишаҿу. «Агәаҭара алҵшәақәа рыла апроцессуалтә зыӡба рыдкылахоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы ашаҳаҭцәеи ахҭыс збази рызҵаарақәа мҩаԥысуеит, имҩаԥысуеит акомплекстә оперативтә-ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа, иазгәаҭоуп аекспертизақәа жәпакы.  Аусмҩаԥгатәқәа реихшьалақәа рыла иобиективтәу азыӡба рыдкылахоит», – ҳәа иҳәеит Дамир Кәыҵниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәалагала дадгылеит, иақәнагоу адокумент азырхиаразы адҵагьы ҟаиҵеит. Аамҭала аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡалоит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба. 

Аилацәажәара ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада Ахьчаразы аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳаби азинхьчаратә усбарҭақәеи рнапы ианиҵеит ауаажәларратә зинтә леишәа, атәылауаа, аиҳабыратә хыбрақәа ршәарҭадара ахылаԥшра арӷәӷәара.  «Ижәдыруеит уаҵәы апарламент аилатәара шыҟало, ҳаҭыр зқәу адепутатцәа ҭынч аусуразы алшара рымазароуп. Иарбанзаалак акрызҵазкуа аиҳабыра амчхара амахәҭа - апарламент аганахьала ақәыӷәӷәара ҟамлароуп», – ҳәа инаҵшьны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

***

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, цәыббрамза 30, 2021 шықәса, 22 сааҭи 15 минуҭи инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟны игылоу ақьафурҭа «Rina»  иахьаҵанакуа иҟаз Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, иарбоу атерриториа ауаажәларратә ҭыԥны ишыҟоу шидыруазгьы,  ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагаларала, амҩасыҩцәа хьаа имкыкәа, уаанӡа иаахәаны имаз, иныҟәигоз, згәыцә кьаҿу, зыхҭаларшә  9х19 мм рҟынӡа инаӡо, 9 цырак ахы зцыз  иҭҟьо абџьар - асистема «Glock» иаҵанакуа атапанча ала хәынтә аҳауахь дхысит. Амилициа аусзуҩцәа аниба Гарри Кокаиа урҭ рганахьала агрессиа ааирԥшит. Амилициа аусзуҩцәа абџьар ашьҭаҵара азы закәанла иҟарҵаз адҵа анагӡара мап ацәикит. Аимак-аиҿак ҟалеит. Анаҩс Гарри Кокаиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ааныжьны дцеит.

Жьҭаарамза 1,  00 сааҭи 10 минуҭи рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат  Алмасхан Арӡынба имаҵуратә машьына   «Hyundai» (ашәҟәҭагаларатә дырга А029АА-АВН змоу)  дақәтәаны амшын аганахьала инагоу Академик Марр имҩаду ала днеины Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭа аҿаԥхьа изакәанымкәа иныҟәиго иҭҟьо абџьар – зыхҭаларшә  5,45 мм рҟынӡа инаӡо автомат Калашников аҟынтәи Аминистрра ахыбра аганахьала 20-нтә дхысит, убри аан уи иахәҭам ажәақәа ҳәо ишакәым ала ихы мҩаԥигеит.  Ахысра ашьҭахь уи ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ ааныжьны идырым ахырхарҭа ала дықәҵны дцеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ахҭыс ахьыҟалаз имҩаԥгаз агәаҭара аан Академик Марр имҩаду ала игылоу ахыбра ахаҿратә ган аҿы ирыԥшааит зыхҭаларшә 5,45 мм рҟынӡа инаӡоз иҭырҟьаз аџьазцәақәа. Аџьазцәақәа  ақьаад иалху аконверт шкәакәа иҭаԥсаны, «Аҟәа ақалақь ала аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахьчра Амаҵзура» ҳәа аҩыра зну амастикатә мҳәыр аарханы ишьҭыхын. Аконверт аусеилыргаҩи ашаҳаҭцәа раҳасабала  ааԥхьара зауз  атәылауааи рнапынҵақәа рыла  ирҵабыргуп.

Жьҭаарамза 1, 17 сааҭи 00 минуҭи рзы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа изаамҭанытәиим аилатәарахь еизеит.  Ақәҵара апроект шьақәыргылан. Уи инақәыршәаны, апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Роберт  Киути жьҭаарамза  7 рҟынӡа  цәыббрамза  30 рзы  Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны иҟалаз аинцидент ала аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргар акәын. 

Аҳәынҭқарра Ахада иахь аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аминистр ихаҭыԥуаҩ, Ирласны анырра азы иҷыдоу Амаҵзура (СОБР) акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьба, уи ихаҭыԥуаҩ - Дадын Чачхалиа,  иарбоу аинцидент иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра егьырҭ аусзуҩцәа рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы ақәиҭтәра азы ажәалагала ҟаҵан. 

Ақәҵара апроект  адкыларазы иахәҭоу абыжьқәа амоуӡеит. 21-ҩык  адепутатцәа рҟынтәи «иақәшаҳаҭхеит» 17-ҩык, «иақәшаҳаҭымхаӡеит», ҩыџьа – абжьыҭираан аҽынкылара аадырԥшит.

Ақәҵара адкыларазы адепутатцәа ркорпус (35-ҩык адепутатцәа),  зегьы азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи аиҳараҩык рыбжьы рҭиир акәын (18-ҩык).   

Азҵаара ахәыԥшра жьҭаарамза 4 ахь иахыган.

Адепутат Гарри Кокаиа Аԥуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы атапанча аҟынтәи ахысра афакт иагьирҵабмыргит дагьаҿамгылеит.  Асабша, жьҭаарамза 2 рзы иара игәабзиара аҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы ахәышәтәырҭа ахь днаган.

 

 

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 18:28