Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРА «АРУАА» АТӘЫЛАУАА АМЧРАТӘ СТРУКТУРА АУСЗУҨЦӘА РУСНАГӠАТӘҚӘА РАҚӘШАҲАҬЫМХАРА ИАЗКУ АМИТИНГ АХЬ ИЦӘЫРҴЫРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 19:37 188

АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРА «АРУАА» АТӘЫЛАУАА АМЧРАТӘ СТРУКТУРА АУСЗУҨЦӘА РУСНАГӠАТӘҚӘА РАҚӘШАҲАҬЫМХАРА ИАЗКУ АМИТИНГ АХЬ ИЦӘЫРҴЫРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2021 шықәса.    Аԥсныпресс.  Ганкахьала амчратә структура ахаҭарнакцәеи даҽа ганкахьала Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи аибашьра ветеранцәеи рыбжьара цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент инамаданы, ауаажәларратә еиҿкаара   «Аруаа» аибашьра аветеранцәеи ауаажәларреи ашәахьа, жьҭаарамза  4 рзы Апарламент ахыбра аҿаԥхьа амчратә структура аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ақәшаҳаҭымхара  иазку амитинг ахь еизарц ааԥхьара ҟанаҵеит.

«Ацх агәаны, асааҭ жәеиза инархысхьаны еиԥш, ақәоураха, уаҩ дызным амҩаду аҿы атапанча ала ԥшьынтә аҳауахь ахысра изеиԥшразаалак ауаажәларратә шәарҭара аҵаны иаабом. Убри аан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аиҳабыратә чынқәа ныҟәызго рхымҩаԥгашьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргартә Закәанеидкыла ахәҭаҷ иаҵанакуеит. Ҳара аветеранцәа рахь еизаны амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа иаадырԥшуа ахаԥышәареи азакәәандареи рақәшаҳаҭымхара иазку амитинг ахь ицәырҵырҵ ааԥхьара ҟаҳҵоит», – ҳәа амҽыша, жьҭаарамза 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы  аҳәамҭа ҟаиҵеит ауаажәларратә еилазаара Ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа.  

Аибашьра аветеран Гиви Допуа иажәақәа рыла, цәыббрамза 30 рзы быжь-ҩык аветеранцәа рыԥҟеит, анаҩс урҭ адгьыл иқәыжьны ицеит.  «Аминистр аусҭҵаара цонаҵы имаҵураҟнытә аамҭала ихы дақәиҭтәызароуп. Ҳара зинда амч ахархәара ҟамларц азы иҳаулакгьы ауаа раанкылара ҳалҳаршеит! Уаҟа быжь жәлак адгалоуп. Зыуацәа ԥҟаны, рхы иамыхәо ақәа аарысуа икажьны иаанрыжьыз ауаа раанкылара шԥаҳалшари аминистр имаҵураҟнытә ихы дақәиҭымзар?!» - ҳәа апресс-конференциа аҿы иҳәеит Гиви Допуа.

Гиви Допуа, иара ихаҭа ишазгәеиҭо ала, изеиԥшразаалак аполитикатә партиа аума, ауаажәларратә еиҿкаароума акагьы далаӡам, уи ари азҵаара аполитикатә цәаҩа ахаҵара ҳәа игәы иҭаӡам. «Ҳара аполитика ҳус алам. Ҳара мацара аветеранцәа рахь знапы ашьҭыхра згәаӷьыз ауаа рганахьала ӷәӷәала агәынамӡара ҳамоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Очамчыра араион Абыргцәа Рхеилак Ахантәаҩы, аинцидент зыблала избаз, аветеран Ныгәзар Кациа ахҭыс аныҟала ауха хҩык ааха зауз аветеранцәа Гәылрыԥшьтәи ахәышәтәырҭа ахь игеит. Ныгәзар Кациа аинцидент шыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит. Уи иажәақәа рыла,  дара 10-ҩык еицны, ахәылбыҽха асааҭ 11 рышьҭахь ақьафурҭа иаадәылҵын доусы рмашьынақәа рахь рҿынархеит.  Ныгәзар Кациа имашьынахь днеиуаны еиԥш ахысбыжьқәа иаҳаит.  

«Хаҭала сара сыблала ихысуаз дсымбаӡеит, мацара амшын аганахьынтә ахысбыжьқәа саҳаит, аха аныҳәамш шыҟоу еилкааны уи хырҩа асымҭаӡеит. Амашьына сааҭатәоны еиԥш аӷьалпалбжьы саҳаит.  Иаразнак уаҟа еизеит 50-60-ҩык, еиҳазаргьы ҟалап. Уаҟа аисра ыҟаӡамызт. Аисра – уи ҩ-ганк анеисуа ауп, араҟа ганк егьи аган рыԥҟон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ныгәзар Кациа.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, цәыббрамза 30, 2021 шықәса, 22 сааҭи 15 минуҭи инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟны игылоу ақьафурҭа «Rina»  иахьаҵанакуа иҟаз Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, иарбоу атерриториа ауаажәларратә ҭыԥны ишыҟоу шидыруазгьы,  ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагаларала, амҩасыҩцәа хьаа имкыкәа, уаанӡа иаахәаны имаз, иныҟәигоз, згәыцә кьаҿу, зыхҭаларшә  9х19 мм рҟынӡа инаӡо, 9 цырак ахы зцыз  иҭҟьо абџьар - асистема «Glock» иаҵанакуа атапанча ала хәынтә аҳауахь дхысит. Амилициа аусзуҩцәа аниба Гарри Кокаиа урҭ рганахьала агрессиа ааирԥшит. Амилициа аусзуҩцәа абџьар ашьҭаҵара азы закәанла иҟарҵаз адҵа анагӡара мап ацәикит. Аимак-аиҿак ҟалеит. Анаҩс Гарри Кокаиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ааныжьны дцеит.

Жьҭаарамза 1,  00 сааҭи 10 минуҭи рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат  Алмасхан Арӡынба имаҵуратә машьына   «Hyundai» (ашәҟәҭагаларатә дырга А029АА-АВН змоу)  дақәтәаны амшын аганахьала инагоу Академик Марр имҩаду ала днеины Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭа аҿаԥхьа изакәанымкәа иныҟәиго иҭҟьо абџьар – зыхҭаларшә  5,45 мм рҟынӡа инаӡо автомат Калашников аҟынтәи Аминистрра ахыбра аганахьала 20-нтә дхысит, убри аан уи иахәҭам ажәақәа ҳәо ишакәым ала ихы мҩаԥигеит.  Ахысра ашьҭахь уи ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ ааныжьны идырым ахырхарҭа ала дықәҵны дцеит.

Апрокуратура Хада цәыббрамза 30, жьҭаарамза  1 рзы аҭыԥ змаз ахысра афакт ала аусеилыргаанӡатәи агәаҭара мҩаԥнагоит.

Жьҭаарамза 1, 17 сааҭи 00 минуҭи рзы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа изаамҭанытәиим аилатәарахь еизеит.  Ақәҵара апроект шьақәыргылан. Уи инақәыршәаны, апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Роберт  Киути жьҭаарамза  7 рҟынӡа  цәыббрамза  30 рзы  Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҟны иҟалаз аинцидент ала аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргар акәын. 

Аҳәынҭқарра Ахада иахь аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аминистр ихаҭыԥуаҩ, Ирласны анырра азы иҷыдоу Амаҵзура (СОБР) акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьба, уи ихаҭыԥуаҩ - Дадын Чачхалиа,  иарбоу аинцидент иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра егьырҭ аусзуҩцәа рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы ақәиҭтәра азы ажәалагала ҟаҵан. 

Ақәҵара апроект  адкыларазы иахәҭоу абыжьқәа амоуӡеит. 21-ҩык  адепутатцәа рҟынтәи «иақәшаҳаҭхеит» 17-ҩык, «иақәшаҳаҭымхаӡеит», ҩыџьа – абжьыҭираан аҽынкылара аадырԥшит.

Ақәҵара адкыларазы адепутатцәа ркорпус (35-ҩык адепутатцәа),  зегьы азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи аиҳараҩык рыбжьы рҭиир акәын (18-ҩык).  

Азҵаара ахәыԥшра жьҭаарамза 4 ахь иахыган.

Адепутат Гарри Кокаиа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы атапанча аҟынтәи ахысра афакт иагьирҵабмыргит дагьаҿамгылеит.  Асабша, жьҭаарамза 2 рзы иара игәабзиара аҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы ахәышәтәырҭа ахь днаган.

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 19:40