Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА МОСКВАҞА ИУСУРАТӘ ҬААРА ААНКЫЛАНЫ АԤСНЫҞА ДХЫНҲӘИТ.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 17:42 185

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2021 шықәса.   Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ҭаара аанкыланы иахьа Аԥсныҟа дхынҳәит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура аҟынтәи.

Аҳәынҭқарра Ахада ганкахьала Апарламент адепутат Гарри Кокааи аибашьра аветеранцәеи даҽа ганкахьала амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара цәыббрамза 30 рзы иҟалаз аконфликт  инамаданы аҭагылазаашьа аибарххара иахҟьаны иусуратә ҭаара ааникылар акәхеит.

Арҭ асааҭқәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны амчратә структурақәа рхаҭарнакцәеи Анапхгара алахәылацәеи алархәны иарку аилатәара мҩаԥысуеит.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхареи рҿы аусуратә еиԥыларақәа азԥхьагәҭаны иман.

 

 

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 17:44