Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖЬҬААРАМЗА 1 АУХА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЫБРА АҾАԤХЬА ДХЫСИТ АДЕПУТАТ АЛМАСХАН АРӠЫНБА.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 17:41 164

Аҟәа. Жьҭаарамза  1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 1,  00 сааҭи 10 минуҭи рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат  Алмасхан Арӡынба имаҵуратә машьына   «Hyundai» (ашәҟәҭагаларатә дырга А029АА-АВН змоу)  дақәтәаны амшын аганахьала инагоу Академик Марр имҩаду ала днеины Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭа аҿаԥхьа изакәанымкәа иныҟәиго иҭҟьо абџьар – зыхҭаларшә  5,45 мм рҟынӡа инаӡо автомат Калашников аҟынтәи Аминистрра ахыбра аганахьала 20-нтә дхысит, убри аан уи иахәҭам ажәақәа ҳәо ишакәым ала ихы мҩаԥигеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ахҭыс ахьыҟалаз имҩаԥгаз агәаҭара аан Академик Марр имҩаду ала игылоу ахыбра ахаҿратә ган аҿы ирыԥшааит зыхҭаларшә 5,45 мм рҟынӡа инаӡоз иҭырҟьаз аџьазцәақәа. Аџьазцәақәа  ақьаад иалху аконверт шкәакәа иҭаԥсаны, «Аҟәа ақалақь ала аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахьчра Амаҵзура» ҳәа аҩыра зну амастикатә мҳәыр аарханы ишьҭыхын. Аконверт аусеилыргаҩи ашаҳаҭцәа раҳасабала  ааԥхьара зауз  атәылауааи рнапынҵақәа рыла  ирҵабыргуп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 22:46