Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘА АҞНЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АЗЫ АҲӘАМҬА ҞАНАҴЕИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 17:39 169

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса, 22 сааҭи 15 минуҭи инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟны игылоу ақьафурҭа «Rina»  иахьаҵанакуа иҟаз Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа, иарбоу атерриториа ауаажәларратә ҭыԥны ишыҟоу шидыруазгьы,  ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагаларала, амҩасыҩцәа хьаа имкыкәа, уаанӡа иаахәаны имаз, иныҟәигоз, згәыцә кьаҿу, зыхҭаларшә  9х19 мм рҟынӡа инаӡо, 9 цырак ахы зцыз  иҭҟьо абџьар - асистема «Glock» иаҵанакуа атапанча ала хәынтә аҳауахь дхысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Амилициа аусзуҩцәа аниба Гарри Кокаиа урҭ рганахьала агрессиа ааирԥшит. Амилициа аусзуҩцәа абџьар ашьҭаҵара азы закәанла иҟарҵаз адҵа анагӡара мап ацәикит. Аимак-аиҿак ҟалеит. Анаҩс Гарри Кокаиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ааныжьны дцеит.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ агәаҭараан амилициа аусзуҩцәа ақьафурҭа «Rina» аҩналарҭа аҿы зыхҭаларшә  9 мм рҟынӡа инаӡо излахысхьоу  апатронқәа рџьазцәақәа  5 рыԥшааит.  Аԥшаҳәа азааигәара Коӷониа имҩаду аҿы  зыхҭаларшә 9х19 мм рҟынӡа инаӡо атапанча «Glock», зыхҭаларшә  9 мм рҟынӡа инаӡо апатронқәа ԥшьба ацны ирыԥшааит.  Иарбоу абџьар, апатронақәа, апатронақәа рџьазцәақәа, аусеилыргаҩи  ашаҳаҭцәа раҳасабала ааԥхьара зауз ауааи алархәны ақьаад иалху аконверт шкәакәа иҭаԥсаны, «Аҟәа ақалақь ала аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахьчра Амаҵзура» ҳәа аҩыра зну амастикатә мҳәыр аарханы ишьҭыхын. Аконверт аусеилыргаҩи ашаҳаҭцәа раҳасабала  ааԥхьара зауз  атәылауааи рнапынҵақәа рыла  ирҵабыргуп.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аҟынтәи иаашьҭыз аҭак ала, асистема «Glock» иаҵанакуа атапанча ҿҳәарада Кокаиа Гарри Гурам-иԥа ихьӡала хәажәкырамза  5, 2020 шықәса рзы  ашәҟәы иҭагалан. 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 17:41