Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ДМИТРИ ДБАР ИАЦЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ ДАХЦӘАЖӘЕИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 21:38 185

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент диҿцәажәо иацы, Аҟәа ақалақь Амҳаџьараа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз ахысра зцыз аинцидент дахцәажәеит.

Уи иԥкааны иҟалаз атәы далацәажәеит.

Ахәылбыҽха, цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, Сергеи Багаԥшь  Имҩаду аҿы иҭҟьо абџьар аҟынтәи ихысуеит ҳәа адырра ҟалеит.   

Аминистр уахь зыԥшра ҟамҵакәа анаӡара азы аӡбамҭа идикылеит, избан акәзар,  уаҟа усҟан иҟан Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов напхгара зиҭо  аделегациа. «Урҭ ақьафурҭа «Дольче Вита» аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ицны иҟан. Ҳара аҭыԥ аҿы ҳаннеи, 3 – 5 минуҭ инарзынаԥшуа рышьҭахь ҩаԥхьа ахысбыжьқәа геит.  Сара ихысуаз ауаа рахь снеирц сыӡбеит. Ԥыҭҩык ауаа С.У. Багаԥшь ихьӡ зху Аплошьад аҿы игылан. Урҭ рааигәара снеины ихысуадаз ҳәа сразҵааит. Адепутат Гарри Кокаиа ихысуаз сара соуп ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Уи иқьаф шыҟаз еилкааны, сара абџьар сиҭарц азы аҳәара ҟасҵеит. Уи мап икит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.

Абџьар амилициа аусзуҩцәа рыҭареи, анаҩс адырҩаҽны иҟалаз ахҭыс аилыргареи рзы изныкымкәа иҟаҵаз аҳәара анагӡара адепутат ҩаԥхьа мап ацәикит.  

«Уи аамышьҭахь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа уи мчыла абџьар имхра рҽазыршәеит. Аҭакс адепутат урҭ рганахьала ишакум ала ацәажәареи агрессиа аарԥшреи ихы иаҭәеишьеит,» – ҳәа иҳәеит аминистр.

Дмитри Дбар  ари аинцидент аибашьра аветеранцәа ахьалахәхаз шыгәниго иҳәеит.  

«Ҳара аибашьра аветеранцәа, Аӡҩыбжьа ақыҭа ҳаҭыр ду рықәаҳҵоит, аха уажәтәи аинцидент зхылҿиааз изакәанымкәа Апарламент адепутат ихымҩаԥгара аԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәын, избан акәзар, цәыббрамза 30  - ныҳәамшуп. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауаа рацәаҩын, ахәыҷқәа ыҟан. Ааигәара иҟан ҩ-ҳәанҭқаррак Рхадацәа.  Иарбоу аҭагылазаашьа аҿы ахысра ҟалашьа змам акакәны иҟан», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.

Дмитри Дбар иажәақәа рыла, атапанчеи апатронақәеи рымхра мҩаԥган, аусеилыргаанӡатәи агәаҭара мҩаԥысуеит. Иҟалаз ахҭыс хымԥада иахәҭоу азинтә хҳәаа аҭахоит.

Аминистр иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аибашьра аветеранцәа инагӡаны амедицинатәии афинанстәи цхыраара рыҭара ишазхиоу азы адырра ҟаиҵеит.

Дмитри Дбар иара убас иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аинцидент ашьҭахь, ашырԥазы, асааҭ 2 – 3 рыбжьара даҽа депутатк аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра азааигәара днеины ахыбра ахь ирханы автомат ала дхысит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи арахь имаҵуратә машьына ала дааит. Аусеилыргаанӡатәи агәаҭара ашьҭахь уи алҵшәақәа рзы адыррақәа аларҵәахоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.  

Дмитри Дбар Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Сара ажурналистцәа срыҿцәажәо аума, Апарламент аҿы аума, араҟа смаҵураҭыԥ- аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аума изныкымкәа исҳәахьан, сара аусуразы саазар, Апарламент адепутати, аминистри, аибашьра аветеранцәеи еилысхӡом ҳәа.  Азинеилагарақәа аҭыԥ роуазар, ҳара урҭ закәанмҩала рыԥхьырҟәҟәаара ҳашьҭазаауеит. Ари адепутат иоуп, мамзаргьы ари дынхаҩуп ҳәа ауаажәларратә ҭыԥ аҿы ихысуа реилыхра еиӷьызшьо  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр дрымазар рҭахума ажәлар иахьа?  Сара сзы, сара сгаанагарала, ас еиԥш аилыхрақәа аҭыԥ рымамзароуп. Апарламент адепутатцәа азакәанԥҵара рнапы алакуп. Дара иаԥырҵо азакәанқәа ирықәныҟәаны аус руеит азинхьчаратә усбарҭақәагьы.  Адепутатцәа роуп раԥхьаӡа иргыланы азакәан ақәныҟәара аҿы ҿырԥштәыс иҟалаша. Чинс иныҟәыргозаалакгьы, азакәан зегьы рзы еиԥшу амч амазар ахәҭоуп!»  – ҳәа иажәахә хыркәшо иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 21:41