Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРТИА «АИҬАИРА» АԤСНЫ АЖӘЛАР АИААИРА АМШ ИНАМАДАНЫ ИРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 14:16 177

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа "Аиҭаира" Аԥсны ажәлар Аиааира Амш инамаданы ирыдныҳәалеит.

«Аԥсны аҵеицәа гәымшәақәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны, зыҷкәынцәа зыцәҭахаз анацәа рычҳареи ргәеицамкреи ирыбзоураны еиқәырхаз аԥсуа дгьыли ажәлари иахьагьы аҿиара амҩа иануп. 

Нхыҵ Кавкази егьырҭ Урыстәыла арегионқәеи Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, уҳәа рҟынтәи иааны хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз Аиааира агара аҿы рлагала ахә ашьара уадаҩуп. Аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиуааит ҳаԥсадгьыл гәакьа! Агәабзиареи аизҳазыӷьареи рымазааит Аԥсуа жәлар зегьы!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҳа аҿы.

                                                                                   

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 14:19