Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛАРА АԤСНЫ АЖӘЛАРИ АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РУСЗУҨЦӘЕИ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ АИААИРА АМШ 28 - ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ ИРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 14:45 189

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгылара Аԥсны ажәлари амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәеи  1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  28-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалеит.

«Аԥсны ахақәиҭра азы акыр зҵазкуа рлагала аларҵеит ареспублика ажурналистцәа, иара убас аибашьра аҭагылазаашьа аҿы аталерадиодырраҭарақәа рышьҭреи агазеҭқәа рҭыжьреи алзыршоз атехникатә маҵзурақәа русзуҩцәа.

Ҷыдала иазгәаҳҭарц ҳҭахуп Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои русура.  Ателехәаԥшреи арадиои рҿы ажәабжь ҿыцқәа роушьҭра аҵак дуӡӡа аман, избан акәзар урҭ атәыла ауааԥсыра рӷьырак рзы афронти атыли рҿы иҟаз аҭагылазаашьа азы адыррақәа раиура ахыҵхырҭа заҵәны иҟан. Афронт аҟынтәи иҟаҵаз арепортажқәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара адагьы, дара ажурналистцәа рхаҭақәагьы хацәнымырха рзанааҭтә уалԥшьа анагӡара аанарԥшуан.  Гәахәарала иазгәауҭартә иҟоуп, аинформациатә еибашьра аҿы еиԥш афронт аҿгьы ҳара ҳашзаҵәмыз, иҳадгылан урыстәылатәи ҳколлегацәа, урҭ аобиективра злаз ррепортажқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ахроника иалалеит.

Ҳара Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳколлегацәа ҳхашҭраны ҳаҟаӡам, урҭ рыхьӡқәа наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Урҭ ргәалашәара азанааҭ гәыкала азыҟазаареи ахацәнымырхареи рҿырԥшы аҳасабала аԥсуа журналистика аҭоурых ианылоит.  

Аԥсны ажурналистцәа Реидгылара Аԥсны ажәлар, ареспублика ажурналистцәа реилазаара, еиҳарак Аџьынџьтәылатәи еибашьра  ажурналитцәа-аветеранцәа  Аиааира Амшныҳәа инамаданы  ирыдыныҳәалоит! Ирзиӷьаҳшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аҭынчраеи аизҳазыӷьареи. Ажәабжь бзиақәа еибаҳҳәалааит, ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа!

Руслан Ҳашыг, Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгылара Ахантәаҩы».

 

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 14:50