Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

НИКАРАГУА АРЕСПУБЛИКА АХАДА ДАНИЕЛЬ ОРТЕГА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 18:15 156

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Никарагуа Ареспублика Ахада  Даниель Ортега Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.

 

Даниель Ортега иаацҳамҭаҿы иҳәоуп:

 «Ҳаҭыр зқәу сколлега – Аҳәынҭқарра Ахада!

Цәыббрамза 30 рзы иазгәашәҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа  28 шықәса ахыҵра инамаданы, ари амш гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәаларц ҳҭахуп Шәара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра, аиҳабыра.

Никарагуа Ареспублика ажәлари Аинаалареи амилаҭтә акзаареи реиҳабыреи рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала иазхаҳҵоит аԥсуа жәлар рхатәҳәаақәҵареи, рсуверенитети, рхьыԥшымреи рзы рзин фырхаҵарыла азықәԥара. 

Аҵак ду змоу ари арыцхә аҽны ҳарҭ еиҭашьақәҳарӷәӷәоит ҳажәларқәеи ҳаиҳабыреи реидгылара, реиҩызара, русеицура аԥхьаҟагьы арӷәӷәара ҳшазхиоу. 

Ишәыдышәкыл есқьынгьы лыԥхазмоу, зхы иақәиҭу Никарагәа Ареспублика аҟынтә ҳаиашьаратә бзиабара».

 

 

Last modified on Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 18:17