Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ВЛАДИМИР ПУТИН АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 18:08 172

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амилаҭтә ныҳәа идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:       

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны амилаҭтә ныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аидгыларатә, астратегиатә ҟазшьа рыманы аҿиара иаҿуп. Агәра згоит наҟ-ааҟ ҳалшарақәа еидҵаны аԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩ-ганктәи аусеицура есааира ишацаҳҵало, ишҳарӷәӷәало.

Урыстәыла ҳҩызцәа аԥсуаа ганрацәала рыцхыраара иацнаҵоит актуалра змоу аекономикатә, асоциалтә ҳасабтәқәа рыӡбараҟны, иара убас амилаҭтә шәарҭадара аиқәырхараҟны.

Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчреи аизҳазыӷьареи».

 

 

Last modified on Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 18:11