Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

28 ШЫҚӘСА РАԤХЬА АԤСУА АР АИААИРАЛА ИХЫРКӘШАХЕИТ 1992 – 1993 ШШ. АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА.

Асабша, 02 Жьҭаара 2021 21:34 205

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа.

Ари амш аҽны аветеранцәа еизаны 28-шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәоит, аҳаҭгәынқәа ирҭаауеит.

Шьыжьы инаркны Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша Апарк  ахь иреиуеит ауаа. Урҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит. 

Асааҭ 11:00 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов, Аиааира Амшныҳәа  28-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы арахь иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Асааҭ 11:30 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк ааигәара, Аидгылара амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра архәҭақәа шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысуеит.  

Асааҭ 12:20 рзы – Аҟәа араион Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.  

Асааҭ 13:30 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.

Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Ари аныҳәа иазкны Ԥсоу аӡиас ала Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынтәи Егры аӡиас ала Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа автомҩасра «Аибашьра амҩақәа рыла» мҩаԥгахоит.  Ари акциа иалахәу амҩан аибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рнышәынҭрақәеи рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵалоит. Урҭ иара убас Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада  Владислав Арӡынба ҳаҭырла игәалашәара иазкны имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

28 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну аӡиас Егры аҟынӡа инаӡаны аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари аибашьра ҳаԥсадгьыл Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәрала ихыркәшахеит. Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа азгәазымҭо, ари агәырӷьареи алаӷырӡи зцу аныҳәа ауп.  Ари амш 1992 – 1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аилгара амшны Аԥсны аҭоурых ианылоит.

1993 шықәсазы цәыббратәи ажәылара аибашьра ахыркәшара алҵшәа алнакааит.

Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз аоперациа 11 мшы имҩаԥысуан. Аӷа имч хадақәа рыла ацәыӡ ӷәӷәа иоуит, Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы макьаназы аккупациа зызуз аппозициақәа еффективла раанкылареи рыхьчареи алымшо иҟалеит. Аҟәа ақалақь ахақәиҭра аналыршаха адырҩаҽны, цәыббрамза  28 рзы, Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҳәаа, Кәыдры аӡиас иху ацҳа аҿы Мрагыларатәии Мраҭәашәаратәии афронтқәа реидылара мҩаԥысит.  

Цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы атәыла зегьы ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын.  

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат,  аполковник Валико Пачлиа​ ​ (20.11.1945​ - 20.04.2021 шш.)  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы аибашьратә хҭысқәа (1992 – 1993 гг.)​ Адокументқәеи аматериалқәеи» аԥхьажәа аҿы    иҩуеит: ​ «Иааизакны аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аԥсуаа рганахьала иалахәын 18 150 – ҩык.  Урҭ рахьынтә:​ аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз - 13 970-ҩык,​ атыл амаҵзурақәа рҿы аус зуаз  - 4 180-ҩык. Хатәгәаԥхарала еибашьуан - 2 310 -ҩык. Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз:

  • ​ ​ ​ Гәымисҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык.
  • ​ ​ ​Мрагыларатәи афронт аҿы - 5 630-ҩык.
  • ​ Гагратәи афронт аҿы – 1 600-ҩык. (афронт 1,5 зы ирҭагӡахеит) Аибашьра аҿы ахәра зауз – 7-нызықь-ҩык. Иҭахеит ​ - 2-нызықь-ҩык инарзынаԥшуа». Последнее изменение Четверг, 30 сентября 2021 11:02.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 21:39