Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ДААНКЫЛОУП ГАЛ АРАИОН ХАШҬА АҚЫҬА ԤЫХЬАТӘИ АХАДА.

Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 13:29 249

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27, 2021 шықәса рзы Гал араион апрокуратура ала даанкылахеит амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала шәагаала ҷыдала идуу, зеицҵалыҵ 660 147 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа рымпыҵакра аҿы игәҩароу, Гал араион Хашҭа ақыҭа ԥыхьатәи ахада Туркиа Беслан Роберт-иԥа.

Аԥны апрокуратура Хада аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла,  иаанкылоу Туркиа Б.Р. аусеилыргара назыгӡо аусбарҭа иҟаиҵаз азы дақәшаҳаҭхеит, аматериалтә зарал ахәҭакахьала ихаирҭәааит.  

Игәҩароу Туркиа Б.Р. иганахьала Гал араион апрокуратура ахь ахьырхәра алхра азы аҳәара еиқәыршәахоит.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, цәыббрамза 20, 2021 шықәса рзы  Гал араион Хашҭа ақыҭан Ахадара аусура агәаҭара алҵшәақәа рыла ақыҭа ԥыхьатәи ахада Туркиа Беслан Роберт-иԥа иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  157 ахәыҭа 4 инақәыршәаны -  амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала атәым мал ҷыдала идуу ашәагаала ампыҵакра азы аусеилыргара хацыркхеит.

Аусеилыргара мҩаԥызго аусбарҭа версиа ала, ақыҭа Хашҭа ԥыхьатәи ахада Беслан Туркиа 2020 шықәсазы, цәыббрамза  1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа ақыҭауаа иршәаз адгьылтә шәахтә идикылон. Имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны уи 1 823 350 мааҭ рҟынӡа инаӡоз,  иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны ауааԥсыра ирылихыз аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи 1 163 203 мааҭ Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра Гал араион ала Аинспекциа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара   иахыиԥхьаӡалеит, иара убри ала 660 147 мааҭ ирзынаԥшуа аԥаратә хархәагақәа изакәанымкәа ампыҵакреи ихатә ҭаххрақәа рзы ахархәареи ирыдҳәалоу ацәгьоура ҟаиҵеит. 

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 14:06