Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АНАТОЛИ БИБИЛОВ: ҲТӘЫЛАҚӘА ИРЫБЖЬОУ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА АГӘРА ҲДЫРГОИТ УРҬ АԤХЬАҞАГЬЫ АҾИАРА ШРОУА.

Асабша, 02 Жьҭаара 2021 21:48 220

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа злахәыз инарҭбаау аиԥылара мҩаԥысит.

Аахыҵуаԥстәылатәи аделегациа аилазаараҟны иҟоуп атәылахьчара аминистр Ибрагим Гасеев, адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, ахада иабжьгаҩ Дмитри Атрошьенко, Аԥсны иҟоу Азинмчы змоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев. 

Аԥсуа ган аҟнытә аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.

Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика асасцәа аԥсшәа реиҳәеит: «Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳара ҳзы аҵак ду змоу амш аҽны шәахьҳадгылоу. Ҳара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуижьҭеи акрааҵуеит. Ҳажәларқәа ирыбжьоу агәбылреи аҳаҭыреиқәҵареи аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рымоуп. Ҳара арҭ аҟазшьақәа игыло абиԥарақәа рымадаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Анатоли Бибилов зегьы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит. «Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа агәра ҳдыргоит урҭ аҿиара шроуа аԥхьаҟагьы. Ҷыдала иазгәаҭазар сҭахуп адәныҟатәи аусқәа рминистррақәеи атәылахьчара аминистррақәеи русеицура ду. Абри аҩыза аҿиара аиур ҳҭахуп акультура аусхкгьы. 1945 шықәсазы аԥсуа театр иқәнаргылеит ауаԥс спектакль «Амаҳә». Сгәы иаанагоит ҳатеатрқәа рԥышәеимдара аус адулара аҭахуп ҳәа. Иара убас акәашаратә ансамбльқәагьы рганахьала. Ирацәоуп ҳусеицура, ҳаимадара зырӷәӷәо ахырхарҭақәа», - иҳәеит иара.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 22:11