Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

МОСКВА ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА АПРОГРАММА АЗЫ АКОНСУЛЬТАЦИАҚӘА.

Аԥшьаша, 23 Цәыббра 2021 17:32 201

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Арҭ амшқәа рзы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган амаҵуратә ныҟәара аҳасабала Москва ақалақь аҿы дыҟоуп.

Аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа, аекономикатә ҿиара Аминистрра, аенергетика Аминистрра, Иаарту Акционертә Еилазаара «Газпром», уҳәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахылаԥшырҭақәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥысит.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма азы аконсультациақәа мҩаԥысит.  Аиԥылара рхы аладырхәит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папбеи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани. Аенергетика актуалра злоу азҵаарақәа ирызкын Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак иԥылара.

Аԥсны ахаҭарнакцәа Акционертә еилазаара иарбоу апроект анардкылаҩцәа хадақәаны иқәгылоу «Газпром промгаз» ахаҭарнакцәа  «Аԥсны Аҳәынҭқарра агазификациеи газла аиқәыршәареи рысхема хада» аус адулара азҵаара азы ирыҽцәажәеит.  

Кристина Озгани  Валери Папбеи иара убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза  иаҵанакуа аинфраруктура аобиектқәа реиҭашьақәыргылара апроект апотенциалтә инвесторцәа ирԥылеит, аҳаиреимадара аиҭахацыркра азаҵаарагьы иалацәажәеит. 

Иара убас Москва ақалақь аҟазаара иалагӡаны Кристина Озган Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Андреи Иванов диԥылеит. Ари аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҿыцу аинвестициатә проектқәа рынагӡара алзыршо акапитал алагаларақәа рыхьчареи аџьшьара рыҭареи рзы анорма-зинтә ҭышәынтәалара азҵаарақәа ирзааҭгылеит.  Иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аконультациақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Кристина Озгани Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи  «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи ргармонизациа  апрограммеи», иара убас  2023-2025 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинветтициатә программеи» ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:00