Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АПРОФЕССОР СЕРГЕИ ЦАРЕНКО ДЫЗЛАХӘЫЗ АВИДЕОКОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСИТ.

Аԥшьаша, 23 Цәыббра 2021 17:33 189

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы аонлаин-формат ала амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, акоронавирустә ҿкы чымазара азы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иԥхьагылоу аекспертцәа иреиуоу Сергеи Васили-иԥа Царенкои Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазаара аҟынтәи рыхәышәтәра знапы алаку аҳақьымцәеи рвидеоконференциа мҩаԥысит.  

Сергеи Царенко -  анестезиолог-реаниматолог, иреиҳаӡоу аквалификациа змоу аҳақьым, акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара иазку Урыстәылатәи Афедерациа иреиӷьу амедицинатә усбарҭақәа иреиуоу – Москватәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа  №52 анестезиеи ареаниматологиеи рзы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ.

Аконференциа ҩ-сааҭ иреиҳаны имҩаԥысуан, уи рхы аладырхәит амбулатортәии астационартәи аҟәшақәа рҿы аус зуа аҳақьымцәа, ареаниматологцәа,  аҳақьым хадацәа,  ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәа рыҟәшақәа реиҳабацәа, Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аспециалистцәеи Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа урыстәылатәи арратә мобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәеи.

Аконференциа алахәылацәа иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыхәышәтәра атактика иалацәажәеит.

Сергеи Царенко ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит авакцинациа амҩаԥгара. Уи инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала, COVID-19 аҟынтәи алаҵа хымԥадатәиуп. Уи игәаанагарала, иахьатәи амш азы иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара еиҳа еффективра злоу апрофилактиканы иҟоуп авакцинациа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, ас еиԥш аконференциақәа рымҩаԥгара традициала ишьақәгылараны иҟоуп.

«Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урытәылатәи ҳколлегацәа аԥышәала аимадара ахьалдыршо азы. Уи иабзоураны ҳара ари аҿкы чымазара злаҽыз еиҳа еффективла рыхәшәтәра азы алшара ҳауеит.  Ас еиԥш  аконференциақәа апедиатриеи акушер-гинекологиатә цхыраареи рзы амҩаԥагара азԥхьагәаҭаны иҳаммоуп», - ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард  Быҭәба.

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:02