Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГАЛ АРАИОН ХАШҬА АҚЫҬАН АДГЬЫЛТӘ ШӘАХТӘ АХӘҬАК АТӘТӘРА АЗЫ АУСЕИЛЫРГАРАҚӘА ХАЦЫРКУП.

Ахаша, 22 Цәыббра 2021 17:30 161

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2021. Аԥсныпресс. Гал араион Апрокуратура цәыббрамза 20, 2021 шықәса рзы Гал араион Хашҭа ақыҭан Ахадара аусура агәаҭара алҵшәақәа рыла ақыҭа ԥыхьатәи ахада Туркиа Беслан Роберт-иԥа иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  157 ахәыҭа 4 инақәыршәаны -  амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала атәым мал ҷыдала идуу ашәагаала ампыҵакра азы аусеилыргара хацыркхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

 Аусеилыргара мҩаԥызго аусбарҭа версиа ала, ақыҭа Хашҭа ԥыхьатәи ахада Беслан Туркиа 2020 шықәсазы, цәыббрамза  1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа ақыҭауаа иршәаз адгьылтә шәахтә идикылон. Имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны уи 1 823 350 мааҭ рҟынӡа инаӡоз,  иарбоу аамҭахәҭа иалагӡаны ауааԥсыра ирылихыз аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи 1 163 203 мааҭ Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра Гал араион ала Аинспекциа аԥхьаӡаратә ԥхьаӡара   иахыиԥхьаӡалеит, иара убри ала 660 147 мааҭ ирзынаԥшуа аԥаратә хархәагақәа изакәанымкәа ампыҵакреи ихатә ҭаххрақәа рзы ахархәареи ирыдҳәалоу ацәгьоура ҟаиҵеит. 

Аусеилыргара амҩаԥгараан Гал араион апрокуратура  цәыббрамза 21, 2021 шықәса рзы ақыҭа Хашҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Гамсаниа Џьумбер Михаил-иԥеи абригада №1 абригадир Гиделиа Рамаз Гигла-иԥеи рганахьала аусеилыргарақәа ҩба алнакааит.

Урҭ амаҵуратә ҭагылазаашьеи амаҵуратә еиқәырҽаҽареи рхархәарала анапхыцәгьара афакт аҿы игәҩарахеит. 2020 шықәса жәабранмза 19 инаркны ԥхынгәымза 7 аҟынӡа  Гамсаниа Џьумбери Гиделиа Рамази  аофициалтә усшәҟәқәа - 2020 шықәсазы адгьылтә шәахтә аҳасабала  ақыҭауаа ирылгаз аԥаратә хархәагақәа изгырхоу реицҵалыҵ аиуразы   иԥаршеиз адыррақәа зныз  аформа №24  акәтанциақәа еиқәыдыршәон.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 12:58