Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АНХАРҬАҬЫԤ ААХӘАРААН АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДГЫЛАРА АИУРА АЗЫ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 22 Цәыббра 2021 17:28 191

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2021. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб социалла ихьчам ауааԥсыра анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәараан аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит. 

2020-2021 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәоу акатегориақәа иаҵанакуа акандидатцәа рзы азыҳәамҭақәа рыдкылареи аусшәҟәқәа реиқәыршәареи мҩаԥысуан аха абиуџьет аныхтәқәа рӷьырак ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахь иахьазоужьыз инамаданы уи афинанстәра амҩаԥгара залмыршахеит.

2021 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы иазеинтересу Ахылаԥшырҭақәа алархәны  апҟарақәа рырҿыцра иазку аусура мҩаԥысуан.  Азиндырҩцәеи асоциалтә ухкы аекспертцәеи рыла ишьақәгылаз аусуратә гәыԥ, аԥыза-министр инапынҵа ала апрограмма алахәхара азин змоу атәылауаа ркатегориақәеи, иара убас  анхарҭаҭыԥ аахәаразы аԥаратә цхыраагӡатә аиуразы аҭагылазаашьақәеи  реиҭахәаԥшра алнаршеит.

Убас, иахьа аус зуа апрограммақәа ҩба реидҵара аҳасабала аҳәынҭқарратә программа аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәаҭоуп. Иара убас, иарбоу апрограмма ала атәылауаа ирзоужьхо аԥаратә хархәагақәа  рырхынҳәара аҭагылазаашьа аԥыхра азҵаарагьы иахәаԥшуеит.

Иаку апрограмма апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рыргьежьра аҭаххаӡом. Уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз апрограммақәа ҩба  рресурсқәа иааизакны  40 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо иҟалартә еиԥш реидкылара ҟалоит. Урҭ есышықәса 50 шықәса инарзынаԥшуа  рҭаххрақәа рхарҭәаара азы иазхоит.  Апрограмма ҩы-шықәса аҽҳәара аманы адкылара азы адгалара ҟаҵоуп, усҟан аусшәҟәы апроект 2021 – 2022 шш. рзы 40 млн мааҭ азԥхьагәанаҭалоит. 

Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала апрограмма иалахәхар ҟалоит ииашаҵәҟьаны социалла ихьчам, зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу, насгьы нхарҭаҭыԥла еиқәшәам атәылауаа: I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа, зани-заби ҭахаз ахәыҷқәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан иҭахаз ауаа рҭаацәа, ԥшьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, атәылауаа анхрҭатә ҭыԥ аахәараан адгылара рыҭара иазку аҳәынҭқарратә программа иҿыцу аформа апроект  ааигәа имҩаԥысраны иҟоу атәыла Анапхгара аилатәара аҿы иахәаԥшхоит.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, асоциалтә еиқәыршәреи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аминистрцәа Реилазара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, азинтә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы Андреи Гәыниа, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа.   

 

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 12:57