Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АНАТОЛИ БИБИЛОВ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАҬАРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫЛАХӘХАРАЗЫ АԤСНЫ ДАҬААИТ.

Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 10:18 201

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2021.  Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсны даҭааит.

Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы Анатоли Бибилов иԥылеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымбеи атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи.

Аахыҵ Уаԥстәыла аофициалтә делегациа аилазаара аҿы иҟоуп – атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, атәылахьчара аминистр Ибрагим Гассеев, Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ  Дмитри Атрошьенко.

"Иблахкыгоу атәыла Аԥсны хра злоу аҿиареи ашәҭыкакаҷреи азеиӷьасшьоит. Анцәа иҳәааит Аԥсны ажәлар  аихьӡарақәеи аиааирақәеи мацара роуа», -  ҳәа  иҳәеит  Анатоли Бибилов.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:17