Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АНАТОЛИ БИБИЛОВ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛАНТӘИ ИААНЫ АԤСНЫ ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ЕИБАШЬУАЗ, ИҬАХАЗ АИБАШЬЦӘА РБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.

Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 14:47 163

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымбеи Гагра ақалақь аҿы игылоу 1992-1993  шш. Аахыҵ Уаԥстәылантәи иааны Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.    

Аҳәынҭқарра Ахада напхгара зиҭо Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рныҳәамш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит.

Last modified on Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 15:00