Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ ИҬАХАЗ АУСЗУҨЦӘА РМЕМОРИАЛ ААДЫРТИТ

Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 14:59 173

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рмемориал аартра иазку ацеремониа мҩаԥысит. Ари аусмҩаԥгатә  аҳазылхратә усбарҭақәа раԥҵара амш 30-шықәса ахыҵра иадҳәалахеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа цәыббрамза 27 акыр зҵазкуа ахҭысқәа ҩба - Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи  аҳазылхҩы Имшныҳәеи еидызкыло рыцхуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иахьа шәареи ҳареи араҟа ҳаизеит даара акыр зҵазкуа аус азы. Ҳара иааҳартуеит змаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Рмемориал.

Иарбоу аусмҩаԥгатә амҩаԥгара даара асимволтә ҵакы аҵоуп, избан акәзар иахьа  ҳара аиубилеитә рыцхә – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә усбарҭақәа раԥҵара 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит.  Еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара рылдыршеит. Иахьа ҳколлегацәа ихацдыркыз аус иацырҵоит аусзуҩ ҿарацәа, урҭ рзы  «ахьӡ», «аԥша», «ауалԥшьа» ҳәа изышьҭоу аилкаарақәа  ахаангьы аҵакы ду шаҵац иаанхоит. Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы Шәара ишахәҭоу ала шәмаҵзуратә уалԥшьа анагӡара шшәылшо.  Издыруеит шәколлегацәа рус Шәара ишацышәҵо, урҭ ргәалашәара шәшаԥсахо – ари  хымԥада изықәныҟәалатәу абжьгара ауп», - ҳәа иҳәеит Оҭар Хьециа.

Уи иколлегацәеи урҭ рыуацәеи  агәабзиара, аҭаацәаратә маншәалара, аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит. 

Иҭахаз аҳазылхыҩ, «Леон» Иорден акавалер Амиран Берзениа иԥшәмаԥҳәыс Надежда Ашәба  Аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәеи Аҟәа ахақәиҭтәра Амши рыдылныҳәалеит. Уи урҭ ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аманшәалара.

"Шәеиҳабацәа  ргәалашәара шәаԥсаны шәҟалааит. Урҭ фырхацәан. Усҟан даара иуадаҩыз аамҭан,  официалла цәыббрамза 30, 1993 рзы ихыркәшахаз аибашьра ахҟьаԥҟьақәа рацәан.   Урҭ ашәарҭара иҭагылан, ианрықәлоз, ианреихсуаз рыздыруамызм. Аха иахьа уи зегьы ҳашьҭахьҟа иаанхеит. Иахьа аизҳазыӷьара иаамҭоуп», - ҳәа иазгәалҭеит Надежда Ашәба. 

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәеи иҭахаз рыуацәеи амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Абаҟа автор Руслан Габлиа иоуп.

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:26