Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: АТӘЫЛА АҾЫ АФЫМЦАМЧ АУСХКЫ АҞНЫ ИҞОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ЗЕГЬЫ РЫӠБАРАЗЫ АԤАРА РАЦӘАНЫ ИАҬАХХОИТ.

Амҽыша, 26 Цәыббра 2021 13:08 173

АСЛАН БЖЬАНИА: АТӘЫЛА АҾЫ АФЫМЦАМЧ АУСХКЫ АҞНЫ ИҞОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ЗЕГЬЫ РЫӠБАРАЗЫ АԤАРА РАЦӘАНЫ ИАҬАХХОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцамч усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьазы азҵаара аҭак ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит иахьа ари аусхк ҳәынҭқарратәны ишыҟоу, ус ишаанхогьы.

«Иҳауз аинвестициатә жәалагалақәа афымцамч аобиектқәа ахатәтәразы аӡәы иҭара азԥхьагәарҭо иҟаӡам. Ҳазлацәажәо ҿҳәарадула қьырала агаразы аинвестициа алагалароуп. Аинвестициақәа рымҽхаки ауадаҩрақәеи ҳасаб рзуны 25 шықәса ҳәа рыҭара. Ақьырагаҩцәа еиҳаны ирҭахуп, аха ҳара ари аҿҳәара ауп ҳзықәшаҳаҭу.

Ҳара иҟоу азакәанқәеи «Афымцамч азы» азы азакәани рҳәаа ҳҭыҵырц ҳгәы иҭаӡам. Урҭ аӡәгьы еилеигӡом. Уаҵәы рҽеирақәак ралагалара аҭахны иҟалар, уи Апарламент ауп изусу, ари атема уа иалцәажәоит», -иҳәеит  Аслан Бжьаниа.

Убри аан Аҳәынҭқарра Ахада афымцамч аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы аԥара рацәаны иаҭаҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Гал араион аҟны Афымцатә сцастанциақәа хԥа реиҭашьақәыргыларазы 10 млрд  мааҭк рҟынӡа аҭаххоит.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭрала аԥснытәи афымцамч арҿиаразы аԥхьатәи аетап аан ишазоужьхо хә-миллирад мааҭк инарзынаԥшуа.   

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:14