Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ХЬЫБЛА ГЕРЗМАА АМИЛАҬТӘ ОПЕРТӘ ПРЕМИА «ОНЕГИН» АПРЕЗИДЕНТС ДҞАЛЕИТ

Ахаша, 22 Цәыббра 2021 16:16 255

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, К.С. Станиславскии Вл. И. Немировича-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Герзмаа амилаҭтә опертә премиа «Онегин» апрезидентс дҟалеит, ҳәа иаанацҳауеит аопертә шәаҳәаҩы лсаит.

«Сара акыр сазааргон ари апремиа апрезидетс аҟалара, избан акәзар сара сзы апремиа апрезидентра –  ари акыр зҵазкуа, иҷыдоу шьаҿоуп. Апрезидент имч-илшара  аума, ихшыҩ аума, акыр илагала дузароуп ари аус аҿы. Иумоу алшарақәа зегьи уҟыбаҩи алоуҵароуп иара – асцена аҿы аҟазаара инаркны иҿыцу ахьӡқәа ралкааразы алшара  аҟынӡа. Иҿыцу алагалақәа рыдгаларазы агәазыҳәарақәа сымоуп, сара уи аганахьала аусура сазхиоуп.  Сара сусура ахықәкы хаданы избоит апремиа жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, иара убас ҳахәаԥшцәа рыбжьара аҿар рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацло аҟаҵара.  Избан акәзар аопера- ари амода иақәшәо цәырҵроуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит ашәаҳәаҩы.

Апремиа 2016 шықәсазы иаԥҵан, уи иахьа уажәраанӡа анашьара есышықәса, Санкт-Петарбург ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Ари асезон аҿы Хьыбла Герзмаа Амузыкатә театр асцена аҿы ҩынтәны дықәгылахьеит: цәыббрамза  15 рзы аопера «Отелло» аҿы Дездемона лпартиа налыгӡеит, цәыббрамза 20 рзы аҳҭнықалақьтә амузыка абзиабаҩцәа ирыдгалан аконцертә программа «Хьыбла-џьаз».

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 12:54