Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АРЕСПУБЛИКАТӘ ПСИХИАТРИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА ҾЫЦ ДАРҬЕИТ

Ахаша, 22 Цәыббра 2021 16:15 275

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аколлективи анапхгаҩ ҿыци реибадырра мҩаԥигеит.

Амедусбарҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡалоит Ануа Ирина Михаил-иԥҳа. Уаанӡатәи анапхгаҩы Кортаа Гьаргь Игор-иԥа иалеиҵаз арзаҳал ала имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын. 

«Уаанӡа еиԥш уажәгьы, шәара агәабзиарахьчара Аминистрра аҟынтәи иахәҭоу ацхыраара шәоулоит. Шәара шәусура даара акыр аҵанакуеит, шәааи аринахысгьы уи наҳагӡалап.   Аҳәара ҟасҵоит шәнапхгаҩы ҿыц адгылара ишәҭарц. Шәара зегьы Ирина Михаил-иԥҳа зеиӷьаҟам ала дыжәдыруеит, уи аԥышәа змоу усзуҩуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахада иарбоу ахәышәтәырҭаҿы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шыҟоу азгәеиҭеит.

«Сара жәаҳәарада ари амедицинатә усбарҭа аҿы акадрқәа, ахьчара, аиқәыршәагақәа, уҳәа рыла ауадаҩрақәа шыҟоу еилыскаауеит. Иара убас ахәышәтәырҭа акәша-мыкәша игылоу аҵлақәа ирыдҳәалоу азҵаара ӡбатәуп: урҭ лассы-лассы икаҳауеит, аанда ааха арҭоит, урҭ ашҭаҿы иҟоу ауаа рызгьы ашәарҭара рыҵазар алшоит.  Иҟоуп имаҷымкәа егьырҭ азҵаарақәагьы. Аха ари  ахәшәтәырҭа аҿы адагьы егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рыҿгьы аиԥш-зеиԥшу апроблемақәа ыҟоуп. Урҭ рыӡбара ҳҽазаҳшәоит, аха зегьы мышкала иузыӡбашам. Шәара апациентцәа рыкрыфара аиҿкаара азы афатә-ажәтә аахәара инамаданы ауадаҩрақәак шәымамзи. Урҭ зегьы рыӡбара алыршоуп, ауал зегьы шәоуп. Иҳамоу алшарақәа еихшо  Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа аусбарҭақәа рыпроблемақәа рыӡбара алҳаршоит», - ҳәа иазгәеиҭеит  Едуард Быҭәба.

Ахәҭакахьала, Игорь Кортаа аколлектив аусеицуразы даара иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Аҳәара ҟасҵоит шәара шәахь аринахысгьы ахәышәтәырҭеи апациентцәеи ацхыраара рыҭара азы аус шәуларц, иара убас Ирина Михаил-иԥҳа адгылара лышәҭарц!, - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьатәи амш азы апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 130 –ҩык апациентцәа. Ануа Ирина Михаил-иԥҳа иҷыдоу ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 12:51