Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ҨБАНЫ ИҞОУ АТӘЫЛАУАҨРА АЗҴААРАҚӘА РҬЫШӘЫНТӘАЛАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴОИТ

Аҩаша, 21 Цәыббра 2021 10:42 212

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит ҳәа имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аиқәшаҳаҭра Аԥсны атәылауаа рыла Урыстәыла атәылауаҩра роура апроцедура армариараны иҟоуп.

Аԥсуа ган Урыстәыла ақәшаҳаҭразы Аԥсны атәылауаа рыла Урыстәыла атәылауаҩра раиура апроцедура армариара азы Аиқәшаҳаҭра апроект азнархиахьеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азы Ақәҵара нанҳәамза 25 рзы инапы аҵаҩны урыстәылатәи аган ахь ишьҭит. Ари азҵаара аӡбара шықәсык иалагӡаны иалыршахеит.

«Аиқәшаҳаҭра Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра аиура иадҳәалоу апроцедура армариоит.  Урыстәыла атәылауаҩра аиура азы арзаҳал  адкылара аԥҟарақәа, иалаҵатәхо аусшәҟәқәа рсиа, иара убас  иалаҵоу арзаҳалқәа рыхәаԥшра амҩаԥысшьазы аԥҟарақәеи, Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра анымҩаԥгахалак ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҭижьуа Аусԥҟа ала иҳәаақәҵахоит. Ҳара ҳахәҭаала ала ҳус наҳагӡахьеит. Ари амеханизм аусура иалагароуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:33