Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: АИБӶА АЗҴААРА АҲӘААҚӘА РДЕЛИМИТАЦИЕИ РДЕМАРКАЦИЕИ РЗЫ АԤСНЫ- УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҨГАНКТӘИ АКОМИСИА АҾЫ МАКЬАНАЗЫ ИАХӘАԤШӠОМ

Аҩаша, 21 Цәыббра 2021 11:43 188

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аҩаша, цәыббрамза 21 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы  аҳәаақәа рделиитациеи рдемаркациеи рзы аҩганктәи жәларбжьаратәи акомиссиа аусура атәы еиҭеиҳәеит.

Ажурналистцәа  ааигәа зеилатәара мҩаԥысыз аҳәаақәа рделимитациеи рдемаркациеи рзы аҩганктәи жәларбжьаратәи акомиссиа аусуреи аҳәаа иаԥну ақыҭа Аибӷа аԥеиԥши рзы акыр азҿлымҳара аадырԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада, акомиссиа аус ауеижьҭеи акрааҵуеит, уи аусура аринахысгьы иацҵахоит  ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, аҳәаақәа рдемаркациа мрагыларантәи мраҭашәарахь ирханы имҩаԥысуеит, Аибӷа ақыҭа азҵаара аҟынӡа макьана имнеиӡацт. 

«Иарбоу аетап аҟны, урҭ аус здырулаз аучастак ала, изеиԥразаалак аилибамкаареи аиуадаҩрақәеи  ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аҳәаа иаԥну ақыҭа Аибӷа акәзар, Урыстәылатәи агани аԥсуа гани рыбжьара аиқәшаҳаҭра ыҟоуп. Уаҟа, сара сызлахәаԥшуа ала, аформулировка даара ҳаҭырқәҵарала  еиқәыршәоуп:  аӡәгьы иахьа атерриториалтә ҽԥынкыларақәа ааирԥшӡом. Иҟоуп еиқәшаҳаҭым адгьылҵакыра», -ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, акомиссиа аусура аҳаҭырқәҵареи аилибакаареи рааԥшрала имҩаԥысуеит.

«Аԥсны-урыстәылатәи акомисииа аилазаара ҿыц Аибга ақыҭа азҵаара алацәараанӡа ианнеилак, уаҟа излацәажәало, насгьы аҭагылазаашьа шышьақәгыло ҳахәаԥшып», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:37