Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЕДУАРД БЫҬӘБА АХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АНАПХГАРАҬАРА АЛАРХӘНЫ АКЫР ЗҴАЗКУА АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ

Ашәахьа, 20 Цәыббра 2021 18:40 187

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа анапхгараҭареи аҳақьымцәеи алархәны хырԥашьа змам азҵаарақәа жәпакы рыӡбара иазкны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Едуард Быҭәба азҵаарақәа жәпакы рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаара далацәажәеит.

Аилтәара иалахәыз ахәышәтәырҭа иадҵаало апациентцәа рхыԥхьаӡара акыр иахьеиҳахаз инамаданы, инацҵаны амедицинтә перонал ала аиқәыршәареи, ахәыҷтәы поликлиникеи араионтә хәыҷтәы педиатрцәеи иарбоу ахәышәтәырҭеи ирыбжьоу аусуратә еимадара аҩаӡара ашьҭыхреи, алабораториа аҿы аиқәыршәагақәа рырҿыцреи, ахәышәтәырҭа аҿы ахьчаҩцәа рԥыԥшырҭа аартреи, уҳәа акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.  

Атәыла агәабзиарахьчара Ахылаԥшырҭа ахада аколлектив агәазыҳәарақәеи ажәалагалақәеи зегьы ахшыҩзышьра аиҭеит. Убри аан уи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шьаҿа-шьаҿала аӡбара алыршахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:30