Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА XIII ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЧЕРҚЬЕСТӘ АССОЦИАЦИА АСАСЦӘЕИ АДЕЛЕГАТЦӘЕИ РЫХЬӠАЛА АДНЫҲӘАЛАРАТӘ ЦҲАМҬА ИШЬҬИТ

Ашәахьа, 20 Цәыббра 2021 17:38 163

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа XIII  Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа асасцәеи аделегатцәеи рыхьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ауаажәларратә Хеидкыла Аидгылара «Ачерқьес жәлар ракра, Ачерқьес Диаспора аҭоурыхтә Ԥсадгьыл амадара арҿиара иазку Жәларбжьаратәи Ачерқьес Ассоциациа»   Ахада Сохроков Х.Х. иахь.

 

Ҳаҭыр зқәу Хаути Хазриҭ-иԥа!

 

Аԥсуа жәлар рыхьӡала, хаҭала Сара сыхьӡала XIII  Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа асасцәеи аделегатцәеи абзиара шәымаз ҳәа расҳәоит.

1991 шықәса рзы иаԥҵаз Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа, ҳазҭагылоу аамҭазы адунеи зегьы аҟнытә ачерқьестә еиҿкаарақәа еидызкыло черқьестә еилазаара дууп. Ҳарҭ гәахәала иҳадаҳкылоит адыга милаҭ рбызшәеи ркультуреи реиқәырхареи, аиашьара зыбжьоу аԥсуа, адыга жәларқәа ракра арӷәӷәареи, ҿыц игыло абиԥарақәа иаҳзеиԥшу адоуҳатә-леишәатә ҵас бзиақәа рытрадициатә система рылааӡареи иазку анарха змоу аполитика аԥҵара рус аҟны аԥышәа ду змоу уи анагӡарагьы зылшо Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа аихьӡарақәа зегьы.

Аԥсны жәлар ҳаҭырқәҵарыла иргәаладыршәоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәс хьанҭақәа раан  Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа ацхыраара атәы.

Сара агәра згоит Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа алахәцәа зегьы рырҿиаратә лшарақәа реизакреи рконструктивтә позициеи адыга жәлар рыҿиаразы аԥхьаҟа аҭагылазаашьа ҿыцқәа шаадыртуазы. Ачерқьес культура аҵас бзиақәа – аҭаацәараҟны аиҳабы ҳаҭыр иқәҵара, Адыге Хабзе анормақәеи аԥҟарақәеи адыга жәлар рыҿиара шьаҭас иамоуп. 

Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа XIII Аконгресс аартра шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит ҳаиашьаратә адыга жәлар, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа реизҳазыӷьара ахьӡала имҩаԥыжәго шәырҿиаратә усураҟны аихьӡарақәа».

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:07