Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИМҨАԤЫСЫЗ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХЬ АЛХРАҚӘА РХЫ АЛАДЫРХӘИТ 14 НЫЗЫҚЬ ИНАРЕИҲАНЫ АЛХЫҨЦӘА

Ашәахьа, 20 Цәыббра 2021 16:22 166

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  14 нызықь инареиҳаны Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа, иара убас ареспублика ахь ԥсшьара ҳәа иааз уахь иналаҵаны, заанаҵтәи адыррақәа рыла цәыббрамза 19 рзы Аԥсны имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ахь алхрақәа рхы аладырхәит, ҳәа Аԥсныпресс ахь иаанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҟынтәи.   

Ареспублика аҟны еиҿкаан алхырҭатә ҭыԥхадақәа 9. Аҟәа ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥхадақәа ҩба, Гагра ақалақь аҿы аҭыԥхадеи Пицунда ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥхадеи, Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҭыԥхада, Бабмора ақыҭан алхырҭатә ҭыԥхада, Очамчыра ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥхада, Ҭҟәарчал ақалақь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥхада, иара убас Гал ақалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥхада. Зегьы раасҭа ауааԥсыра зыдҵаалоз алхырҭатә ҭыԥхадақәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу руоп.

«Заанаҵтәи адыррақәа рыла, зынӡа рыбжьы рҭиит 14 нызықь ҩык инареиҳаны, аха ҳара макьаназы иҳауо аинформациа аилыргара ҳаҿуп», – ҳәа адырра ҟаиҵеит урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак.

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:09