Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АНАТОЛИ БИБИЛОВ АЛАДА УАԤСТӘЫЛА АРЕСПУБЛИКА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Ашәахьа, 20 Цәыббра 2021 14:21 159

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Анатоли Бибилов Алада Уаԥстәыла Ареспублика амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"Акыр иаԥсоу Анатоли Илиа-иԥа!

Азин сышәҭозар, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, аиашьара ҳзызуа аладауаԥстәылатәи ажәлар зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп аҳәынҭқарратә ныҳәа - Алада Уаԥстәыла Ареспублика амш.

1990 шықәса, цәыббрамза 20 рзы иҟаҵан раԥхьатәи ашьаҿа ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рымҩахь. Алада Уаԥстәыла зхы иақәиҭу идемократиатәу аҳәынҭқарра аргыларазы иамоу азин шьақәнарӷәӷәеит. Иахьа Ареспублика хьаҳәа-ԥаҳәарада иара аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара, асоциалтә-економикатә, атәылахьчаратә, акультура-ҵараиуратә ҿиара ахырхарҭа ылнахит.

2021 шықәса нанҳәамзазы Алада Уаԥстәыла иаҭааз Аԥсны аделегациа даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа ган иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ишадгыло.

Анатоли Илиа-иԥа, ари амшныҳәазы исҭахуп ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара, аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аихьӡарақәа, Алада Уаԥстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара".

 

 

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:14